Бжьаниа гагратәи амилициа аусзуҩцәа рганахьала аусҭҵаара дахцәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигеит, ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аслан Бжьаниа ахҳәаа азыҟаиҵеит Гагра иҭакыз Анри Аҭеиба иҽшьра ахҭыси урыстәылатәи атурист иԥҟаразы ахҭыси.
Цәыббра 15 рзы Гагра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит гагратәи амилициа аусзуҩцәа рганахьала, рнапынҵақәа инархырҳәҳәаны ахархәара рырҭеит абџьар ахархәарала ҳәа ахара рыдҵаны.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Апрокуратура хада Анри Атеиба иԥсра аҵыхәала аусҭҵаара иаҿуп
Ари ахҭыс иалаҟьашьызар алшо ҳәа агәызҩара ззыҟоу амилициа аусзуҩцәа аамҭала русура иамхуп ҳәа иҳәеит Бжьаниа. Амаҵзуратә ҭҵаара мҩаԥган ААР ашәарҭадара абзоурала, анаҩс аус Апрокуратура хадахьы инашьҭын.
"Макьаназы арҭ ауаа ахара рхароуп ҳәа сызҳәом. Сара адырра ҳәа ишәысҭо арҭ ахҭысқәа ирықәҿымҭыкәа ишаанымхаз ауп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Анри Аҭеиба иус аганахьала ауаҩԥсы изы ишәарҭароу ацәгьа иуит ҳәа иаанкылан, аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иҭакыз, зыԥсҭазаарагь иалҵыз Аҭеиба изныкымкәа дааныркылақәахьан еиуеиԥшым ацәгьоурақәа рзы ҳәа иҳәеит ахада.
"Иарбанзаалак даҽа тәылак аҿы ашьаусҭҵаара аусзуҩы иганахьала амч ахархәара аҭыԥ аиузар, иҟоуп алшарагьы азингьы иара убра ацәгьа зуз ихәҭоу иақәыршәаразы", - ҳәа иҳәеит ахада.
Бжьаниа иҳәеит уаанӡа Аҭеиба еилаӡарала фышықәса ихақәиҭра далхәыдатәызарц аӡбарҭа аӡбара аднакылахьан, убри аан аҵыхәтәантәи ҩышықәса ҩынтә еиҭах иус рыӡбахьан даҽа цәгьарақәак рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0