Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахәаша, жьҭаара 15 рзы

Аҳҭнықалақь Аҟәа аиҳарак ӡыда иаанхоит аӡымҩангагатә цәаҳәаҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Март 4 амҩала инагоу аӡымҩангагатә цәаҳәаҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны ахәаша, жьҭаара 15 рзы асааҭ 00:00 инаркны 22:00 рҟынӡа Аҟәа аӡрыжәтә аанкылахоит.
Ӡыда иаанхоит Ешба имҩаду, Ажәытә ҳабла, "Колос", Адыгаа рымҩа, Ӡиӡариа имҩа, авокзал араион, ақалақь агәҭа, иара убас аџьармыкьеи Алашарбагеи иахьрыҵанакуа.