Аԥсуа ԥараҿарпы анумизматикатә еицлабраҿы аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит

Аицлабраҿ иӡырган 20 тәыла рҟынтәи аԥараҿырпқәа, Европеи Америкеи налаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥсар "Аиааира 75 шықәса" аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит XV Жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥараҿырпқәа реҵәаџьаа" аҿы, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Абанк адәныҟатәи аимадарақәа рмаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.
Аԥсарқәа равтор – аԥсуа сахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. Аԥсар дануп еицырдыруа арратә фоторепортер Симон Коротков ифотосахьа "Игәырҩо ан". Акадыр аҿы Марушьа Ԥачлиаԥҳа, лнапаҿы иҭахаз лыҷкәын ифотосахьа лкуп.
Агәаларшәагатә ԥсар "Аиааира 75 шықәса"
Арадио Sputnik аҿы Џьапуа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра даназхәыцуа абри афотосахьа еснагь ихаҿы ишааиуа.
"Афотосахьеи абри ани аԥсҭазаара иазырхынҳәызар сҭахын", - ҳәа иҳәеит асахьаҭыхыҩ.
Аԥараҿырпы Москва, Гознак аҿы иҭыжьуп. Иара ҷыдала аицлабра иазырхиамызт, ҳәа иҳәеит Џьапуа.
"Ари сериатә ԥараҿырпуп, ахаҿытә ҿырԥшыга амоуп. Аицлабраҿ аиааира ахьагаз акраҵанакуеит избанзар аицлабраз иҭыжьыз аԥараҿырпқәа рҿы ухы иауырхәар алшон ахаҿеиԥш иаарҳәынгьы. Ара аԥкрақәа ҳаман", – иҳәеит иара.
Аусура мҩаԥаагон 3-4 мзы ҳәа азгәеиҭоит Џьапуа.
"Аԥараҿырԥқәа реҵәаџьаа" Урыстәыла аҵакыраҿы еицырдыруа жәларбжьаратәи еицлаброуп. Ззанааҭ ҩаӡара ҳараку ажьиури иалахәуп амузеиқәа, аукционтә ҩынқәа, анумизматикатә еилазаарақәа, акоммерциатә банкқәа рҟазауаа.