Гагра ҩыџьа ауаа амшын иагеит

Ахҭыс азы АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы адырра ҟаҵан жьҭаара 14, 09:06 сааҭ рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Гагра ҩыџьа ауаа амшын иагеит жьҭаара 14 аҽны, ашьыжь, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аиқәырхаҩцәа аԥсыбаҩқәа амшын иҭыргеит, Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит.
Амшын иагаз рхаҭарақәа шьақәыргылам, амашәыр зыхҟьаз ҭырҵаауеит.