АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа имҩаԥыргеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа "Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел иасыз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура асаит.
Даанкылоуп Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа, 1981 шықәса рзы ииз. Убри аан иара идбалоуп аҭел дызласыз.
Даанкылоуп Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа
Кәарацхьелиа иҿахәы иҿырхит, убри аан иара иҳәеит ацәгьоура игәы ишҭамыз, ииҭахыз ихатәы интересқәа рзы абанктә усура ашьақәҟьара акәын ҳәа.
Кәарацхьелиа иганахь ала ашьаус хацыркуп хышықәсанӡа аҭакра азыԥхьагәазҭо Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 201 инақәыршәаны.
Кәарацхьелиа Аԥсны ААР иатәу аамҭалатәи абахҭахь днагоуп.