https://sputnik-abkhazia.info/20211014/garant-bank-artatsga-aoup-a-ael-dasit-a-agaanagara-zzyou-auay-dynkyloup-1035894521.html
"Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы дынкылоуп
"Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы дынкылоуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа "Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел иасыз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы. 14.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-14T16:30+0300
2021-10-14T16:30+0300
2021-10-14T17:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102951/72/1029517251_0:15:2001:1140_1920x0_80_0_0_324458e848a2eb66e3b4bf124243ce92.jpg
АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа имҩаԥыргеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа "Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел иасыз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура асаит.Даанкылоуп Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа, 1981 шықәса рзы ииз. Убри аан иара идбалоуп аҭел дызласыз.Кәарацхьелиа иҿахәы иҿырхит, убри аан иара иҳәеит ацәгьоура игәы ишҭамыз, ииҭахыз ихатәы интересқәа рзы абанктә усура ашьақәҟьара акәын ҳәа.Кәарацхьелиа иганахь ала ашьаус хацыркуп хышықәсанӡа аҭакра азыԥхьагәазҭо Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 201 инақәыршәаны.Кәарацхьелиа Аԥсны ААР иатәу аамҭалатәи абахҭахь днагоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102951/72/1029517251_43:0:1820:1333_1920x0_80_0_0_8323d30ff49a0dedf7b79279972c450b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
"Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы дынкылоуп
16:30 14.10.2021 (ирҿыцуп: 17:02 14.10.2021) Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа "Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел иасыз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы.
АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа имҩаԥыргеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа "Гарант-Банк" артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел иасыз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы, ҳәа
аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура асаит.
Даанкылоуп Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа, 1981 шықәса рзы ииз. Убри аан иара идбалоуп аҭел дызласыз.
Кәарацхьелиа иҿахәы иҿырхит, убри аан иара иҳәеит ацәгьоура игәы ишҭамыз, ииҭахыз ихатәы интересқәа рзы абанктә усура ашьақәҟьара акәын ҳәа.
Кәарацхьелиа иганахь ала ашьаус хацыркуп хышықәсанӡа аҭакра азыԥхьагәазҭо Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 201 инақәыршәаны.
Кәарацхьелиа Аԥсны ААР иатәу аамҭалатәи абахҭахь днагоуп.