АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Абӷархықәи Мгәыӡырхәеи ашықәс анҵәамҭаз аӡымҩангага иаԥыршьуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Иара иҳәеит иазырхиоу аӡымҩангага еизакы ишаҿаԥыршьуа 500 куб-литра зкуа аӡеизакырҭақәа. Аусурақәа хәҭа-хәҭала имҩаԥысуеит, проектқәак 2022 шықәсахьы ииасуеит.
"Ашықәс ҿыц аламҭалаз Ҟәланырхәа ақыҭан аӡеизакырҭа ргыланы ҳалгеит. Уажәы ақыҭақәа Жәандрыԥшь, Абӷархықә, Мгәыӡырхәа рзы ҳаҿуп аӡеизакырҭақәа рыргылара. Аӡы ауааԥсыра рҟынӡа инаагоит. Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Абӷархықәи Мгәыӡырхәеи ашықәс нҵәаанӡа аӡымҩангага иаԥыршьуеит", - ҳәа иҳәеит Тәанба.
Тәанба иҳәеит Жәандрыԥшь ақыҭеи Гәдоуҭа ақалақь ахәҭаки аӡеизакырҭа адҳәаларазы аусурақәа 2022 шықәсазы ишхыркәшахо.
Апроект аԥаразоужьра мҩаԥысуеит Аинвестициатә программа инақәыршәаны, Гәдоуҭа иахьаҵанакуа 59 миллион мааҭ азыԥхьагәаҭоуп, Жәандрыԥшь - 39 миллион мааҭ, Мгәыӡырхәеи Абӷархықәи – 29; 27 миллион мааҭ.