https://sputnik-abkhazia.info/20211014/gdoua-araion-ayaa-ba-ashys-anamaz-yla-eiyrshakhoit-1035889898.html
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩба ашықәс анҵәамҭаз ӡыла еиқәыршәахоит
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩба ашықәс анҵәамҭаз ӡыла еиқәыршәахоит
Sputnik Аҧсны
Ақыҭақәа Жәандрыԥшь, Абӷархықә, Мгәыӡырхәа рҿы аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп. Урҭ ирԥыршьуеит 500 куб-литра зкуа аӡеизакырҭақәа. 14.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-14T15:08+0300
2021-10-14T15:08+0300
2023-07-13T19:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102642/10/1026421057_0:80:1001:643_1920x0_80_0_0_621d5a6d96709658bfd749c63742e6bc.jpg
АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Абӷархықәи Мгәыӡырхәеи ашықәс анҵәамҭаз аӡымҩангага иаԥыршьуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.Иара иҳәеит иазырхиоу аӡымҩангага еизакы ишаҿаԥыршьуа 500 куб-литра зкуа аӡеизакырҭақәа. Аусурақәа хәҭа-хәҭала имҩаԥысуеит, проектқәак 2022 шықәсахьы ииасуеит.Тәанба иҳәеит Жәандрыԥшь ақыҭеи Гәдоуҭа ақалақь ахәҭаки аӡеизакырҭа адҳәаларазы аусурақәа 2022 шықәсазы ишхыркәшахо.Апроект аԥаразоужьра мҩаԥысуеит Аинвестициатә программа инақәыршәаны, Гәдоуҭа иахьаҵанакуа 59 миллион мааҭ азыԥхьагәаҭоуп, Жәандрыԥшь - 39 миллион мааҭ, Мгәыӡырхәеи Абӷархықәи – 29; 27 миллион мааҭ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102642/10/1026421057_0:0:889:667_1920x0_80_0_0_1ebab4078ce6c189754e2e2f771678a4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩба ашықәс анҵәамҭаз ӡыла еиқәыршәахоит
15:08 14.10.2021 (ирҿыцуп: 19:01 13.07.2023) Ақыҭақәа Жәандрыԥшь, Абӷархықә, Мгәыӡырхәа рҿы аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп. Урҭ ирԥыршьуеит 500 куб-литра зкуа аӡеизакырҭақәа.
АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Абӷархықәи Мгәыӡырхәеи ашықәс анҵәамҭаз аӡымҩангага иаԥыршьуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Иара иҳәеит иазырхиоу аӡымҩангага еизакы ишаҿаԥыршьуа 500 куб-литра зкуа аӡеизакырҭақәа. Аусурақәа хәҭа-хәҭала имҩаԥысуеит, проектқәак 2022 шықәсахьы ииасуеит.
"Ашықәс ҿыц аламҭалаз Ҟәланырхәа ақыҭан аӡеизакырҭа ргыланы ҳалгеит. Уажәы ақыҭақәа Жәандрыԥшь, Абӷархықә, Мгәыӡырхәа рзы ҳаҿуп аӡеизакырҭақәа рыргылара. Аӡы ауааԥсыра рҟынӡа инаагоит. Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Абӷархықәи Мгәыӡырхәеи ашықәс нҵәаанӡа аӡымҩангага иаԥыршьуеит", - ҳәа иҳәеит Тәанба.
Тәанба иҳәеит Жәандрыԥшь ақыҭеи Гәдоуҭа ақалақь ахәҭаки аӡеизакырҭа адҳәаларазы аусурақәа 2022 шықәсазы ишхыркәшахо.
Апроект аԥаразоужьра мҩаԥысуеит Аинвестициатә программа инақәыршәаны, Гәдоуҭа иахьаҵанакуа 59 миллион мааҭ азыԥхьагәаҭоуп, Жәандрыԥшь - 39 миллион мааҭ, Мгәыӡырхәеи Абӷархықәи – 29; 27 миллион мааҭ.