"Сара уаанӡа аус зуан Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аҿы. Пицунда ақалақь астатус анарҭа ансамбль аиҿкаара сгәы иҭаскит. Гәдоуҭантәи, гагрантәи уҳәа ааԥхьара раҳҭеит аҟазара знапы алакыз, ус 12-ҩык рыла ансамбль "Абааҭа" аԥаҳҵеит. Ахьӡ акыр ҳалаԥшаауан, аҵыхәтәаны абри ҳазааит. Ҳгәы иалоуп аҿарацәа усҟак жәлар рышәаҳәарахь аинтерес ахьрымам, еиҳарак аестрадоуп ирҭаху. Ауалафахәы ҳауеит аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҟынтә. Ҳҽазыҟаҳҵоит уада хәыҷык аҟны, ҳкультуратә хан блуп ", - еиҭеиҳәеит Ебжьноу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.