Хьӡи-ԥшеи зырҳаз: Пицундатәи ансамбль "Абааҭа" аҭоурых

© Foto / из личного архива ансамбля "Абатаа"Ансамбль "Абатаа"
Ансамбль Абатаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ашәаҳәаратә ансамбль "Абааҭа" 13 шықәса ахыҵит, ари аамҭа иалагӡаны Аԥсни, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи хьӡы-ԥшала ҳкультура акырынтә иӡырыргахьеит. Ансамбль ашьақәгылашьеи аихьӡарақәеи ртәы иҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Пицунда аамҭа-аамҭала аҟазаратә коллективқәа еиҿыркаауан. Асовет Еидгыла ахаан акурорт ахь ԥсшьара иаауаз ирыман алшара аԥсуа икультура ҳаракы лабҿаба абара. Пицундаа иахьагьы ирылаҽхәартә иҟоуп ашәаҳәареи акәашареи знапы алаку ауаа. Убас иаарылукааратәы иҟоуп Аԥсни анҭыҵи еицырдыруа ансамбль "Абааҭа".

"Ҳашәаҳәаратә ансамбль "Абааҭа", Пицунда ақалақь астатус анаиу, 2008 шықәсазы ишьақәгылеит. Зны-зынла ҳахлафаауа Пицунда ҳақәлоуп ҳҳәоит. Ахьӡ "Абааҭа" усҟан ақалақь ахадас иҳамаз Беслан Арӡынбеи сареи иаҳгәаԥханы иалаҳхит. 13 шықәса ирылагӡаны аколлектив аҽаԥсахуан, иҟоуп изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз, даҽа ансамбльк ахь ииасыз, мамзаргьы зырҿиара хзыркәшаз", - иҳәоит аколлектив анапхгаҩы Назырбеи Ебжьноу.

© Foto / из личного архива ансамбля "Абатаа"Ансамбль "Абааҭа" аҽазыҟаҵараан
Хьӡи-ԥшеи зырҳаз: Пицундатәи ансамбль Абааҭа аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Абааҭа" аҽазыҟаҵараан

Ансамбль "Абааҭа" аиҿкаара аԥшьазгаз Назырбеи Ебжьноу иоуп. Акурорттә қалақь аҿы аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны лассы-лассы асасцәа рзы аконцертқәа мҩаԥысуеит. Назырбеи Ебжьноу иҭаххеит рықалақь ӡырызго ансамбль рымазарц. Ари аус анагӡараҿы ивагылеит иҩызцәа Витали Гәынба, Гарик Ӡиӡариа, Алик Чуаз, Руслан Агәмаа. Аҟазацәа рыбзоурала Пицунда аԥсуа жәлар рашәақәа ықәыҩуа иалагеит.

Ансамбль "Абааҭа" х-концерт мҩаԥнагахьеит Москва, изныкымкәа Нхыҵ-Кавкази Краснодар атәылаҿацәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестивальқәеи аконкурсқәеи рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәеи иреиҳау аҳамҭа "Гран-При" ирыԥсахахьеит. Хәынтә агастрольқәа рыманы Ҭырқәтәылаҟа ицахьеит.

Ансамбль Кьиараз - Sputnik Аҧсны
Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых

"Аԥснытәии анҭыҵтәии ҳконцертқәа есқьынагьы ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылон, аха Ҭырқәтәылатәи ҳақәгыларақәа ирыҵаз ацәаныррақәа шьаҭанкыла исзеиҭамҳәар ҟалап, убриаҟа аԥхарреи абзиабареи рыҵан", - инаҵишьит Назырбеи Ебжьноу.

2015 шықәсазы ансамбль "Абааҭа" Ҭырқәтәыла, Қьефқьен имҩаԥысуаз амҳаџьырра 150 шықәса ахыҵра иадҳәалаз агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалахәын. Мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ахҵәацәа ахьӡхыҵуаз аҭыԥ аҟны, амшын аԥшаҳәаҿы ҳџьынџьуаа ргәы иҭымҵоз аконцерт еиҿыркааит. Ажәлар рылаӷырӡ рзынкыломызт артистцәа "Амҳаџьыраа ргарашәа" ашәа ахы анадыркы.

"Ҭырқәтәыла хәынтә аконцертқәа ҳаманы ҳақәгылахьеит. Рааԥсара ҳадуп уахи-ҽни ҳааигәа иҟаз Аҭанур Аҟәысба, Шамиль Иашба, Ирфан Ахәаҷба, Сезаи Папба. 2018 шықәсазы Ҳендеқь ақалақь ҳаҟан, уаҟа Кавказ Адернеқь аиҳабы Қьамиль Аҭрышба ибзиаӡаны ҳидикылеит, уи ақалақьи иаԥну ақыҭақәеи рҿы инхоз жәла-жәлала аԥсуаа еизаны иҳабадырит. Убасҟан иҳабжьалаз аиҩызара иахьагьы иацаҳҵоит. Лассы-лассы аинтернети аҭели рхархәарала ҳаимадоуп. Аԥсныҟа иаауазаргьы, напкәыршала иныҟәаҳгоит", - иажәа иациҵоит Назырбеи Ебжьноу.

© Foto / из личного архива ансамбля "Абатаа"Ансамбль "Абааҭа" Ҭырқәтәыла рықәгылараан
Хьӡи-ԥшеи зырҳаз: Пицундатәи ансамбль Абааҭа аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Абааҭа" Ҭырқәтәыла рықәгылараан

Ансамбль "Абааҭа" 2015 шықәсазы Ҭырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны иалахәын Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазгьы. Араҟагьы жәлар рашәақәа рыла еизаз ргәы дырԥшааит.

"Аиашазы, даара иџьаҳшьеит атәым дгьыл аҟны инхо ҳашьцәа абриаҟара Аԥсны аҭоурых зҿлымҳара ахьарҭоз, иахьырхамшҭуаз ҳабдуцәа рнысымҩа, ҳаҭыр ахьиқәырҵоз ҳиааира иасимволу ҳхада Владислав", - игәы зырԥшааз ахҭыс игәалашәоит Назырбеи Ебжьноу.

Аишьцәа Роберти, Романи, Вадими Ажьиаа - Sputnik Аҧсны
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых

Ансамбль "Абааҭа" иахьатәи арепертуар шьақәгылоуп ашәақәа ҩажәа рыла. Артистцәа инарыгӡоит еицырдыруа акомпозиторцәа Б. Багаҭелиа, О. Хәынҵариа, У. Царгәыш, Р. Гәынба, А. Чычба, Г. Уанаҿа, З. Малиа уҳәа рырҿиамҭақәа, ирымоуп автортә ашәақәагьы. Ансамбль амузыкантцәа жәлар рмузыкатә инструментқәа жәпакы рнапаҿы иааиуеит. Иумҳәарц залшом аколлектив аҟны ахкы назыгӡо реиҳараҩык Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" алахәцәа шракәу. Дара уаатәи рҽазыҟаҵарақәа рыбжьара Пицундаҟа иаауеит.

Ансамбль "Абааҭа" мчыбжьык ҩынтә акультура аҩнаҟны ашәахьалеи ахәашалеи еиԥылоит, ашәа ҿыцқәа рҵоит. Иахьа аколлектив аҿы ахкы нарыгӡоит асахьаркыратә напхгаҩы Назырбеи Ебжьноу, Гарик Ӡиӡариа, Лиосик Кәарцхьиа, Антипеи Митиеи Барзаниаа, Аидеи Саидеи Гәынԥҳацәа, Марина Ҵышәԥҳа, Алиса Ӡиӡариаԥҳа.

Адунеи иалаҵәаз аҿкы чымазара аанкыларазы иалагалоу аԥкрақәа ансамбль ашәаҳәаҩцәагьы рықәныҟәоит, аха дара агәыӷра рымоуп иаарласны изышьцылоу аԥсҭазаара иазыхынҳәып ҳәа.

Артистцәа "зегь раасҭа бзиа ижәбо ашәа арбану" ҳәа санраазҵа, еицҿакны "аԥсуа жәлар рашәақәа зегьы" рҳәеит.

Аҵыхәтәаны, Назырбеи Ебжьноу иажәа хыркәшо, агәыӷра ааирԥшит Пицунда еиҵагылаз абиԥара рахьтә ари аколлектив ахь ааира згәаԥхо аҿар ҟалап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0