Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ебжьноу Пицунда еиҿкаау ансамбль "Абааҭа" иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ебжьноу Пицунда еиҿкаау ансамбль "Абаҭаа" иазкны
Анапаҵаҩра
Жәаха шықәса раахыс Пицунда еиҿкаау Жәлар рышәаҳәаратә ансамбль "Абааҭа" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ансамбль ақәҿиарақәеи аусушьеи ртәы.
"Сара уаанӡа аус зуан Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аҿы. Пицунда ақалақь астатус анарҭа ансамбль аиҿкаара сгәы иҭаскит. Гәдоуҭантәи, гагрантәи уҳәа ааԥхьара раҳҭеит аҟазара знапы алакыз, ус 12-ҩык рыла ансамбль "Абааҭа" аԥаҳҵеит. Ахьӡ акыр ҳалаԥшаауан, аҵыхәтәаны абри ҳазааит. Ҳгәы иалоуп аҿарацәа усҟак жәлар рышәаҳәарахь аинтерес ахьрымам, еиҳарак аестрадоуп ирҭаху. Ауалафахәы ҳауеит аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҟынтә. Ҳҽазыҟаҳҵоит уада хәыҷык аҟны, ҳкультуратә хан блуп ", - еиҭеиҳәеит Ебжьноу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ансамбль Абатаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2021
Хьӡи-ԥшеи зырҳаз: Пицундатәи ансамбль "Абааҭа" аҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0