Анқәаб акоронавирус азы аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит иҳәеит

Акоронавирус аҟынтә ауааԥсыра рыхьчаразы Аԥсны Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысуеит жьҭаара 15 рзы COVID-19 алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа ахцәажәаразы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны иаалырҟьаны акоронавирус аҽарцәгьеит аамҭак аԥхьа иҟаз аҭышәынтәалара ашьҭахь, аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит ҳәа иҳәеит аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Аамҭақәак аҭагылазаашьа шышьақәтәаз, уажәы ачымазара аҽырҭбааны ирылаҵәо иалагеит. Аҭагылазаашьа уаршәартә иҟоуп, убри азоуп иахьа ара ҳзеизаз", - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит бжьаратәла уахыки-ҽнаки COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иазҳауеит ҳәа. Иара иазгәеиҭеит Аҟәа аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа астационар ҭәуп ҳәа, иалшо ала аус ауеит арратә госпиталь, Гәдоуҭатәи ацентр аҿы аҭыԥцҵақәа аадыртит ҳәа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аҭахрақәа ирзоужьуп 295 миллион мааҭ
"Жьҭаара 12 рзы ирекордтәыз ахыԥхьаӡара ҳаман – 235-ҩык. 85-90% ачымазцәа ирымоу аштамм "Дельта" ауп", - ҳәа иҳәеит Быҭәба.
Астационарқәа рҿы 292 пациент шьҭоуп.
Аепидемҭагылазаашьа – аныҳәақәа раан аҽыхьчара ахьмаҷыз, амассатә уснагӡатәқәа ахьымҩаԥырго, алаҵаҟаҵара ахьышьшьылаҳау ауп изыруадаҩыз ҳәа иҳәеит аминистр.
"Уахыки-ҽнаки рыла бжьаратәла 25-ҩык алаҵа ҟарҵоит. Уаанӡа аасҭа акыр илаҟәуп арбагақәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Анқәаб агәынамӡара ааирԥшит  алаҵа ҟазҵахьоу рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы
Едуард Быҭәба иҳәеит "Актемра" аахәара шыуадаҩхаз, Урыстәыла аԥшаара ахьыцәгьоу азы. Иара иажәақәа рыла, иааиуа амчыбжь азы "Артлегиа" ааргараны иҟоуп, аха уигьы аԥшаара уадаҩуп.
"COVID аамҭа кьаҿк ала ацәеижь зегьы анырра анаҭоит. Ауаа "Актемра" иаҳәоит. Аԥҭекақәа рҿы ирҭиуазар, иааҳхәон аха уахьгьы иҟам", - ҳәа иҳәеит иара.
Агәабзиарахьчара аминистрра афармациа аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба иҳәеит жьҭаара 1 аахыс Аԥсныҟа ишаагаз 172 миллиони 49 нызқьмааҭ рыхә еиуеиԥшым ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи.