Аԥсны агәабзиарахьчара аҭахрақәа ирзоужьуп 295 миллион мааҭ

© Sputnik / Томас ТхайцукДокумент
Документ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәим Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 11 азы. Аилатәараҿы абиуџьет аиҭакрақәа азҵаарагь иалацәажәан.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет ахь аԥсахрақәа ралагалараз азакәан апроект.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2021
2021 шықәса жәымзтәи ашәахтәлагалараз аплан 119% иацҵаны инагӡоуп
"Аҳәынҭқарра ахада иҟынтәи азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа инақәыршәаны Апарламент ахь иаашьҭын 2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет ахь аԥсахрақәа ралагалараз азакәан апроект. Азакәан апроект, абиуџьет аныхрақәа иеиҳазтәуа азыԥхьагәазҭо",- ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Ари иалнаршоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҳәынҭқарра абиуџьет акредиттә уал аркьаҿразы, ҳәа иҳәеит иара.
"Ҳгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ари атенденциа асеиԥш иаанхап ҳәа. Ԥхьаҟагьы арҭ рҩызцәа аԥшьгамҭақәа ҟалалароуп. Абиуџьет ахь аԥсахрақәа мҩаԥысуеит ареспубликатә ҩаӡараҿ адагьы аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҿгьы. Акызаҵәык Очамчыра араион абиуџьет алагалақәа маҷуп" ҳәа иҳәеит иара.
Владимир Делба иҳәеит агәабзиарахьчара аусхк азы аныхрақәа ишрыцҵахо 295 миллион мааҭ.
"Ари еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирыдҳәалоуп, акоронавирус чымазара аҭагылазаашьагьы инадҳәаланы. Агәабзиарахьчаразы аныхрақәа ирыцлоит 295 миллион мааҭ. Ашықәс иаанхо аамҭазы асистема апрограмматә уснагӡатәқәа рзы ироуеит арҭ 295 миллион мааҭ", – иҳәеит иара.
Уи адагьы азакәантәшьаҭала иалагалан аԥшьгамҭа атәанчахәытә фонд абиуџьет ашьақәыртәаразы. Ареспубликатә биуџьет азыхиоуп хаҭала ацхыраара аҟаҵара 20 миллион ахышәаҵышәала ҳәа иҳәеит аминистр.
"Ҳәарада иҟоуп иҵегь акрызҵазкуа аныхрақәа. Арахь иаҵанакуеит абиуџьеттә усхк аусуҩцәа рулафахәы ацҵара, хаҭала агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, абаҩрҵәыреи аспорти уҳәа русуҩцәа рзы. Аԥарашәара мҩаԥгахоит сынтәатәи ашықәс ажьырныҳәамза инаркны, анаҩс абҵареи ԥхынҷкәыни амзақәа рзы аџьахәшәара афонд шыҟоу иаанхар – ҽаангьы. Иҟоуп агәыӷра иааиуа ашықәсқәа рызгьы арҭ аусуҩцәа ркатегориақәа рулафахәы иацҵахалап ҳәа" - иҳәеит Делба.
Сынтәа Ареспубликатә биуџьет ашәарацҵа 360 миллион мааҭ ыҟоуп, ҳәа иҳәоит Аԥсны афинансқәа рминистр.
Ажәабжьқәа зегьы
0