Анқәаб COVID-19 ахәыҷқәа ирыхьуа иахьалагаз азы агәҭынчымра ааирԥшуеит

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 29496 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 24578 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 430-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит хазы ашколқәа рҿы COVID-19 ацәырҵра алацәажәара дшазыхио. Абри атәы иҳәеит жьҭаара 15 азы имҩаԥысыз Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
"Агәҭынчымра ду сызцәырнагоит ахәыҷқәа рчымазара. Ари шәарҭара дууп. Ҳара ахәыҷқәа рыхәышәтәра алзыршо аҳақьымцәа ҳамаӡам, хәыҷтәы реаниматологк иоуп иҳамоу", – иҳәеит Анқәаб.
Александр Анқәаб иажәақәа рыла 40 процент ауааԥсыра аҭҵаара иахысхьеит, 11 процент ачымазара рыман, аԥсыҭбара 1,5 процент ыҟоуп.
" 10 нызқьҩык рҟынтә - 1200-ҩык аҿкыра рымоуп. Аҳақьымцәа роуп иалзыршо аԥсыҭбарақәа реиҳамтәра, ҳара адисциплина зынӡаск ҳақәныҟәаӡом. Иҟоу ацифрақәа иаҳдырбоит ахымҩаԥгашьа шаҭаху", - ҳәа иҳәеит иара.
Анқәаб акоронавирус азы аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит иҳәеит
Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа илҳәеит ақалақь ашколқәа 15 рҟынтәи 8 школк рҿы аӡәгьы дычмазаҩым ҳәа.
"Ҩ-сменактәи аусура ашколқәа еиҵанаршәшәеит. Акласс дуқәа еихаҳшеит. Амш аныбзиоу адәаҿы аурокқәа ахьымҩаԥыргогьы ыҟоуп. Ари афымчыбжь ала ажәабатәи ашкол аҿы ада ашколқәа зегь аус шыруыц ируан.иахьазы ичмазаҩуп 15-ҩык арҵаҩцәа, 36-ҩык ахәыҷқәа. Аклассқәа 6 аркуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥыза-министр Асҭанда Ҭаркьылԥҳа лахь лиҭеит аиҳабыратә классқәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азы амассатә уснагӡатәқәа иахьрылахәыз азы.
Ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа ирыцҵахар ауеит