Ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа ирыцҵахар ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
Ҵыԥх аҵаратә процесс изныкымкәа иаанкылан ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Ашколқәа рҿтәи ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа аҽа мчыбжьык ирыцҵахар ауеит ҳәа иҳәеит жьҭаара 15 азы Акоординациатә штаб аилатәараҿы Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
"Агәабзиарахьчара аминистрра ажәадгала ҟанаҵеит жьҭаара анҵәамҭазтәи аԥсшьарамшқәа мчыбжьык ирыцҵахац ма уи амчыбжь адистанциахь ииаагарц. Алҵшәақәа ҟалозар ҳәа ҳӷәыӷуеит, аха уи ахәаран иҟам амассатә уснагӡатәқәа ҳарҟәамҵкәа", - ҳәа иҳәеит Габлиа.
Аминистр иҳәеит жьҭаара 14 азы 85-ҩык арҵаҩцәа коронавирус адиагноз шырзықәгыло, аҵаҩцәа –252-ҩык. 500-ҩык инареиҳаны алаҵа рымоуп, 40 класс ахыԥхьакырҭахь иҟоуп.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҳәеит аԥсшьарамшқәа мҩаԥымгакәа аӡынрахь ииагазарц, избанзар усҟан аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахар алшоит ҳәа.
Заседание Координационного штаба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анқәаб акоронавирус азы аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит иҳәеит
Аминистр иҳәеит аҳақьымцәа ргәаанагара дшықәныҟәо.
"Уажәы ачымазара ҳзеиԥҟьар хра аиуеит. Цәыббрамзазы 450 школхәыҷы чмазцәан, жьҭаарамзазы – 200", - иҳәеит Аԥсны СЕС алабораториа аиҳабы Асҭана Аҩӡба.
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анқәаб COVID-19 ахәыҷқәа ирыхьуа иахьалагаз азы агәҭынчымра ааирԥшуеит
Сынтәа ашколқәа аадыртит цәыббра 1 азы.
Ҵыԥх аҵаратә процесс изныкымкәа иаанкылан ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы.
Ажәабжьқәа зегьы
0