Ашықәс иалагазар COVID-19 заҟа аԥара ахҭынҵоу атәы рҳәеит

2020 шықәса рзы аҳәынҭқарра акоронавирус аԥырҟәҟәааразы иазоунажьит 238 496 763 мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Ашықәс иалагазар Аԥсны акоронавирус 368 миллион мааҭ ахҭынҵоуп ҳәа иҳәеит Акоординациатә штаб аилатәараҿы Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥарақәа реиҳарак рыла ахәшәқәеи аҵәыҵәрии аахәан.
Анқәаб акоронавирус азы аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоит иҳәеит
Афинансқәа рминистр иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь азы афатә, абензин уҳәа раахәаразы Гәдоуҭа араионтә биуџьет аҟынтәи аԥара шцо. Ашықәс иалагазар аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтә ишәоуп 49 миллиони 900 нызқьмааҭ. Амедусзуҩцәа ршәарацҵа 99 миллиони 900 нызқьмааҭ ыҟоуп.
Александр Анқәаб иажәақәа рыла Аԥсныҟа иааргахьеит 15 миллион мааҭ рыхә 350 тонна аҵәыҵәри.
"Аҵәыҵәри аахәара уадаҩхеит. Уажәы СФТИ абазала анаплакы аиҭашьақәыргылара ҳалагеит. Аҟазауаа ирҳәоит уи 15 миллион мааҭ итәоит ҳәа", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит ареспубликаҿ ахатә ҵәыҵәритә станциа рымазар шакәу.
Ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа ирыцҵахар ауеит