АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. "Аԥсҭазаара амҩа" аартра 80-шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәылатәи аминисрцәа реилазаара ақәшаҳаҭхеит амедал "Ленинград ахьчаразы" ма адырга "Амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақьуаҩ" занашьоу аԥара рызшәара. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аиҳабыра рыҟны ишазгәарҭаз ала, ари ауӡбара адҳәалоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан ақалақь ахьчараз аҭоурыхтә ҵак ҷыда змоу.
Аԥара рызшәахоит Урыстәылатәи аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи.
Амацәаз иҭакыз Ленинград иаланхоз ауааԥсыра зныктәи аԥара рызшәара аусԥҟа инапы аҵаҩхьан Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Аԥсҭазаара амҩа" аартра 80-шықәса ахыҵра иазкны адҵа ҟасҵоит 2021 шықәсазы Урыстәыла атәылауаа, амедал "Ленинград ахьчаразы" ма адырга "Амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақьуаҩ" занашьоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылатәи афедерациа, Латвиатәи Ареспублика, Литватәи Ареспублика, Естониатәи Ареспублика, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Приднестровиа инхо, зныктәи ашәара 50-50 нызқьмааҭ рзыҟаҵазарц", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.