Амацәаз иҭакыз Ленинград ахьчаҩцәеи ауааԥсыреи 50-50 нызқь мааҭ рызшәахоит

© Sputnik / Анатолий Гаранин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПлакаты на Казанском соборе. Ленинград октябрь 1941 года
Плакаты на Казанском соборе. Ленинград октябрь 1941 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥара рызшәахоит Урыстәыла атәылауаа, амедал "Ленинград ахьчаразы" ма адырга "Амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақьуаҩ" занашьоу, Аԥсны инхогьы налаҵаны.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аусдҵа инапы аҵеиҩит амацәаз иҭакыз Ленинград ахьчаҩцәеи ауааԥсыреи 50-50 нызқьмааҭ рызшәахарц азы. Аусдҵа кьыԥхьуп Кремль асаит аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аԥсҭазаара амҩа" аартра 80-шықәса ахыҵра иазкны адҵа ҟасҵоит 2021 шықәсазы Урыстәыла атәылауаа, амедал "Ленинград ахьчаразы" ма адырга   "Амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақьуаҩ" занашьоу, иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылатәи афедерациа, Латвиатәи Ареспублика, Литватәи Ареспублика, Естониатәи Ареспублика, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Приднестровиа инхо, зныктәи ашәара 50-50 нызқьмааҭ рзыҟаҵазарц", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Путин аиҳабыра рнапы ианиҵеит ахарџьқәа ршәара еиҿыркаарц, иарбоу аԥарашәара амҩаԥгашьа ҳәаақәырҵарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0