Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан ахатәыҩны амца акит

Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба. Амцакра зыхҟьаз ашьақәыргылара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18- Sputnik. Бзыбь аҳаблан, Ашьхаруа имҩаҿы жьҭаара 17 рзы ахатәыҩны амца акит, аанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Загоревшийся частный дом по улице Ашхаруа
Амцакра шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьарҭахь адырра ҟаҵан асааҭ 20.35 рзы.
Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба. Амцакра зыхҟьаз ашьақәыргылара иаҿуп.