Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә турнир "Ҭагалан хьыԥшшәыла" Гагра имҩаԥысит

Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә турнир "Ҭагалан хьыԥшшәыла" иалахәын Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи 30 ԥкьаҭасҩы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә турнир "Ҭагалан хьыԥшшәыла" Гагра имҩаԥысит жьҭаара 11 - 17 рзы, аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
9–10 шықәса зхыҵуа аԥснытәи аспортсменцәа, арԥарацәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Сабри Нанба (иазыҟаҵаҩ – Елизабет Акуциа), ахԥатәи – Александр Ешба (иазыҟаҵаҩцәа – Родион Беиеи Саид Бебиеи), аӡӷабцәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ лгеит Даниелла Гәымԥҳа (лазыҟаҵаҩ – Елизабет Акуциа).
15 шықәса зхыҵуа аԥснытәи аспортсменцәа, арԥарацәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Астамур Кациа (иазыҟаҵаҩ– Артур Татевосиан), аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ нылкылеит Алла Траиста (лазыҟаҵаҩцәа– Саид Бебиеи Родион Беиеи), аҩбатәи аҭыԥ – Софиа Агәмааԥҳа (лазыҟаҵаҩ – Елизабет Акуциа).
Аиааира згаз аспортсменцәа амедалқәеи, ахраҿақәеи, аҳамҭақәеи ранашьан.
Атурнир аӡбаҩ хадас дыҟан Аԥсны аспорт азҟаза Саид Бебиа.
Атурнир еиҿнакааит Гагра араион ахадара абаҩырҵәыреи, аспорти, аҿари русқәа рзы Аилак.