Аԥсны аминистрцәа реилазаара ацитрусқәа раахәаратә хәыԥса шьақәнаргылеит

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ишазыԥхьагәанаҭо ала 2021 шықәсазы ацитрусқәа рҽаҩра ҵыԥх аасҭа ҩынтә еиҵахоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19- Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аминистрцәа реилазаара ацитрусқәа раахәаратә хәыԥса шьақәнаргылеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәыш.
2021 шықәсазы амандаринеи апельсини раахәаратә хәыԥса 21 мааҭ ҟалоит, алимонқәа - 20 мааҭ.
Хагәыш иажәақәа рыла ари еиҵаӡоу хәыԥсоуп.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, аусбарҭа урыстәылатәи аган ашәҟәы шазынанашьҭыз ацитрусқәа ралгаратә баџь ахә аахәаратә хәыԥсаҟынтәи 10 процентк иҟазарц.
Аԥсны 100 тоннак рҟынӡа ацитрусқәа алыргахьеит
2021 шықәса ацитрустә сезон иалагазар, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит 100 тоннак. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ишазыԥхьагәанаҭо ала 2021 шықәсазы ацитрусқәа рҽаҩра ҵыԥх аасҭа ҩынтә еиҵахоит (55 000 тонна – 27-30 000 тонна).