Енвер Қапба инапхгарала акурорт "Пицунда" аҽшеиҭанакыз, агазеҭ Times асовет ԥшыхәыҩ ҳәа шизназҳәаз, иара убасгьы аинтерес зҵоу иҭоурыхқәа Sputnik аматериал аҟны.
"Ихшыҩ, иҟазшьа, ихымҩаԥгашьа, иԥшра-исахьа, ицәажәашьа, абарҭ зегьы аԥсуа хаҵаҵәҟьа иакәны дҟарҵон. Иара илшеит иҟазшьа ҷыдақәа: апатриотизмра, активра, амилаҭ кадырқәа рааӡара аџьабаа адҵара, иқалақь гәакьа арҿиара, араион аҟны аԥсуа топонимикатә хьыӡқәа рышьақәыргылара раарԥшра. Ақырҭцәа ирҳәон: "Енвер, уара ухаҵоуп, аха уаԥсыуоуп" ҳәа".
© Foto / из архива семьи Капба
Енвер Қапба Гагратәи абжьаратә школ №2 даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи аполитехникатә институт, аграждантә ргылара афакультет. Аинститут даналга ашьҭахь Гаграҟа дхынҳәуеит. 1962 шықәсанӡа иара дҭаҩӡамкәа иаб иҩнаҟны дынхон, аргыларатә еиҿкаараҟны ҟазас аус иуан. 1965 шықәса рзы ақалақь анапхгаҩ ҿыц дарҭеит Иура Кәыҵниа, уи ицхыраарала Енвер Қапба илшеит аҽҭаҩра, 1967 шықәса рзы Гагратәи ақалақьтә Совет ахантәаҩыс дҟалоит. 1970-1975 шықәсқәа рзы напхгара аиҭо далагеит Пицунда акурорт апансионатқәа Реидгыла.
© Foto / из архива семьи Капба
Хәышықәса рыҩныҵҟа Енвер Қапба акурорт Пицунда адиректорс дыҟан. Уи аамҭазы ауп акурорт еицырдыруа ианыҟалаз. Араҟа рыԥсы ршьон Асовет еидгыла ауааԥсыра реиԥш аҳәаанырцәтәи асасцәагьы. Акурорт Пицунда иацәыхарамкәа иҟан аҳәынҭқарратә дача. Уахь лассы-лассы ԥсшьара ҳәа иаалон ачынуаа, рҭаацәа рыманы. Урҭ акурорт ахь инеиуан, анапхгара ирабадыруан. Убас, ирлас-ырласны Енвер аус ахьиуаз днеилон СССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы Алексеи Косыгин. Иара акурорт апроблемақәа дрызҵаауан гәцаракрыла.
Енвер Қапбеи Алексеи Косыгини реизыҟазаашьа бзиа еилыркааит Қырҭтәыла анапхгара, ирыӡбеит Енвер Аԥснынтәи дықәыргарц.
1975 шықәса рзы, амаҵура ҳаракы уаҳҭоит ҳәа ҿыӡгас иҟаҵаны Енвер Қарҭҟа диаргоит, Қырҭтәыла азанааҭ еидгылақәа Рсовет амаӡаныҟәгаҩыс ҳәа. Уаҟа аус иуит 1980 шықәсанӡа. Уи ашьҭахь Аԥсныҟа ддырхынҳәуеит, гагратәи акалақьтә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ иҭаны. Абри амаҵзура мҩаԥигон 1986 шықәса рҟынӡа. Усҟантәи ашықәсқәа рзы Енвер 1930-1950 шықәсқәа рзы иԥаршеиз аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа рырҽеира далагеит. Уи иахҟьеит иара еиҭах Қарҭҟа ииагара.
Ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа данаауаз Косыгин хымԥада Енвер диԥылон. Урҭ акраамҭа еицәажәон, рыгәҭакқәа, рпроектқәа еицрыхәаԥшуан. Енвер ииҭахын Мамзышьха асасааирҭақәа рыргылара, уахь аканаттә-мҩа ахагалара амшын аԥшаҳәаҟынтә. Иара убасгьы иҭахын Ольденбургски ипарк аҟны аконцерттә зал аартра, арахь адунеи ахы-аҵыхәа аҟынтәи артистцәа аалартә еиԥш. Иҭахын Гагра Ницца инаваҟәало аҟаҵара. Енвер игәҭакқәа шааиҵырдырааз еиԥш Қарҭҟа диаргеит Қырҭтәыла Акомпартиа Ацентртә Комитет асоциал-економикатә ҟәша аиҳабыс.
Енвер Қапба Пицунда акурорт аиҳабыс даныҟаз Европаҟа дныҟәалон, уаҟатәи акурортқәа рԥышәа рымдаразы. Уи адагьы ирацәаҩын аофициантцәа, абарменцәа Франциаҟа аԥышәа аимдаразы ҳәа иишьҭуаз. Аамҭақәак рзы ихаҭагьы Франциаҟа дцалон, аиҳаракгьы Грасс ақалақь ахь. Грасси Гагреи ақалақь-еишьцәа ҳәа иҟан.
© Foto / из архива семьи Капба
"Зны, СССР Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵала Енвер дрышьҭит Шри-Ланка. Уи аамҭазы уа аимакқәа ыҟан. Дара ирыӡбеит Енвер СССР инанашьҭыз ԥшыхәҩуп ҳәа. Абри атәы анын агазеҭ Times. Кернасовски зыжәлаз аӡәы ифотосахьа анын, аха ҵаҟа Енвер Қапба. СССР аԥшыхәыҩ ҳәа аҵаҩын". Абри аҩыза аниба Енвер аҳәара ҟаиҵеит Шри-Ланка Апрезидент дидикыларц. Урҭ реиқәшәараан Енвер Қапба иҳәеит: "Шәара сара саҳаҭыр лашәырҟәит. Сареи стәылеи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭашәҵароуп" ҳәа. Апрезидент аҭамзаара ашьҭаҵара далагеит, аха Енвер иазгәеиҭеит ҩыратә формала шакәу аҭамзаара шышьҭаҵатәу. Шри-Ланка аиҳабыра ус егьыҟарҵеит",- уи ахҭыс лгәалыршәо еиҭалҳәон Енвер Қапба иԥшәмаԥхәыс Изольда Қапба.
Лара лажәақәа рыла компенсациак аҳасабала хнызқь доллар изыршәеит, абри ахҭыс атәы "Голос Америки" алагьы еиҭаҳәан. 1989 шықәсанӡа Қапаа рҭаацәара Қарҭ инхон. Аԥсни Қырҭтәылеи реимак аибарххара аан Енвер арзаҳал иҩит имаҵзура шышьҭеиҵо ала. Аибашьра аҟалара рацәак шагмыз урҭ Аԥсныҟа ихынҳәит.
Аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы Енвер Ераст-иԥа Қапба
© Foto / из архива семьи Капба
Енвер Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь Владислав Арӡынба Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩра идигалеит. Шықәсык аус иухьан еиԥш амзыз ҳәа акгьы амырбаӡакәа дамырхит имаҵзура. Енвер дыԥсаанӡагьы дзыхдырҟьаз издырамызт. Иҟалап иан дахьақырҭуаз, мамзаргьы 15 шықәса инарзынаԥшуа Қарҭ аус ахьиухьаз дахдырҟьазаргьы, ҳәа азгәалҭоит иԥшәмаԥҳәыс.
© Foto / из архива семьи Капба
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Енвер Қапба иҭаацәеи иареи Гагра иҟан. Иԥацәа Ҭимури Нурии рыԥсадгьыл рыхьчон. Аибашьра ашьҭахь Енвер аполитикахь дыхнымҳәырц иӡбеит. Ассоциациа "Северный Кавказ, Юг России" аусқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа неигӡон. 2004 шықәсқәа рзы арратә санаториа деиҳабын. 1997 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа Енвер Қапба Аԥсны Аҳәынҭқарра Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
© Foto / из архива семьи Капба
Мшаԥымза 20 2004 шықәса рзы 67 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
"Иарбан ҭыԥзаалакгьы иникылоз иахьмырԥшыкәа Енвер Қапба Аԥсны аинтересқәа ихьчон. Аус ицызуаз еснагь ҳаҭыр, пату иқәырҵон", - рҳәоит Енвер Қапба дыздыруаз зегьы.
Енвер Қапба 70-тәи ишықәсхыҵраан исахьа зныз амарка ҭыжьын. Гагратәи абжьаратә школ №4 ихьӡ ахҵоуп.