Аслан Бжьаниа иҳәеит аинвестпроектқәа рынагӡашьа хаҭала хылаԥшра шаиҭало

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи, аекономика аминистр Кристина Озгани Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҟны Аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу ахыбрақәа ирҭааны ирбеит, жьҭаара 20 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны инарыгӡо аинвестпроектқәа хаҭала хылаԥшра рысҭалоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу ахыбрақәа данырҭаа ашьҭахь.
Алкаақәа рыҟаҵаразы, сара хаҭала избар акәын Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҟны Аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу ахыбрақәа. Ахәашаҽны аилатәара ҳамазаауеит, уаҟа исҳәоит избаз-исаҳаз хәшьарас иасҭо. Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит еиҳаны афинансқәа ҳзоурышьҭырц, уи азы ирласны, ахаҭабзиара бзианы апроектқәа рынагӡара аҭахуп.
Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи, аекономика аминистр Кристина Озгани ргәаҭарақәа аҳәаа иҭагӡаны иаҭааит астанциа маҷқәа "Бзыԥ-220", "Гьачрыԥшь", авольтҳарак цәаҳәа "Ԥсоу", иаҭааит Ольденбургтәи ипарк, иара убас Гагреи Гәдоуҭеи ирбеит аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рышьҭаҵара шымҩаԥысуа.