Бжьаниа изеиҭарҳәеит, еиԥҟьарада Гагра ӡыла ианеиқәыршәахо

© Sputnik / Акоп Кущян Гагра с коптера
Гагра с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Анапаҵаҩра
Акыршықәса ҵуеит Гагра ӡыла аиқәыршәара апроблема ыҟоижьҭеи. Ақалақь ауааԥсыра аӡыржәтә аамҭаеихшарала ирырҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аинвестпрограмма ҿыц (2022-2024 шш.) ала иазыԥхьагәаҭоуп Гагра ӡыла аиқәыршәара апроблема аӡбра. Абри атәы Аԥсны ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Агрба иҳәеит 2013 шықәсазы Гагра иргылан аӡыҭгагатә станциақәа ԥшьбеи аӡеизакырҭақәа хԥеи ҳәа, аха убри аан дара акгьы ахархәарахь ирыҭамызт.
Парк Ольденбургского - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Бжьаниа Ольденбургтәи ипарк аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит асовет аамҭаан араион 3500 кубометр аӡы ахы ианархәон, уажәы ахархәага ҿыцқәа аусура иалагар, 7000 кубометр рҟынӡа ахархәара алшартә ишыҟало.
Аслан Бжьаниа Адыгаа рымҩаҿы аӡымҩангага ашьҭаҵара ишаҿу дахәаԥшит. Аӡымҩангага ҿыц 900 метра иҟоуп, 100 рҟынӡа ҩнаҭа ӡыла еиқәнаршәароуп. Аусурақәа ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахоит.
Акыршықәса ҵуеит Гагра ӡыла аиқәыршәара апроблема ыҟоижьҭеи. Ақалақь аҿы аӡыржәтә графикла ирырҭоит. Уаанӡатәи Аинвестпрограмма Гагра араион зегьы аҿы аӡымҩангага ашьҭаҵара азыԥхьагәанаҭон, иара шьҭаҵан, аха амҩадуқәа рахь имҩахыгамызт. Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц ишиҳәаз ала, ари азҵаара гәыгәҭажьхеит, иргылаз аӡыҭгага станциақәа еимырҵәеит. Урҭ уажәы еиҭашьақәыргылатәуп.
Араион анапхгара ишаԥхьаӡо ала аӡы апроблема ныҭкааны аӡбразы 500 миллион мааҭ аҭахуп, арҭ аусурақәа Аинвестпрограмма- 2022-2024 иарбоуп.
Аслан Бжания проинспектировал объекты энергетики, ремонтируемые по Инвестпрограмме - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Бжьаниа аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу аенергетикатә хыбрақәа дырҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0