Ҭемыр Агрба Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахәаша, жьҭаара 22 азы аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма азҵаарақәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма азҵаарақәа рзы имҩаԥигаз аилацәажәараҿ иазгәеиҭеит аиҳабыра аҳәара ҟарҵарц шрыгәҭаку 2023-2025 шықәсқәа рзы аԥаразоужьра иацҵахарц азы. Абри атәы аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.
Уи азы уаанӡатәи апрограмма анагӡашьазы аҳасабырба ҟаҵатәуп, иҳәеит ахада.
Аԥсны акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭемыр Агрба Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит.
Бжьаниа аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара иаҿу аенергетикатә хыбрақәа дырҭааит
Иара иажәақәа рыла аинвестпрограмма ахышәаҵышәа 4 миллиардки 10 миллион мааҭ ыҟоуп. 2020 шықәсазы иаашьҭын миллиардки 310 миллион мааҭ, 2021 шықәсазы - миллиардки 350 миллион мааҭ.
Амҩатә инфраструктура иахҭынҵоуп 600 миллион мааҭ инареиҳаны.
Агрба ахҳәаа аиҭеит Абазақәа, Гәлиа, Џьонуа рымҩақәа рҿы аихәлахара зыҟоу. Иара иажәақәа рыла аханатә апроект-ахарџьынҵатә шәҟәаҿы иарбамызт иԥсахтәыз ақәаршыҩцарҭатә коллекторқәа. Аԥарақәа ԥшаан аргыларақәа рҟны аиҷаҳара амҩаԥгарала. Уажәы урҭ аргыларақәа рҿы ахарџьынҵатә шәҟәқәа рҿы ариашарақәа мҩаԥысуеит. Агрба иҳәеит аусурақәа ахыркәшарахь ишнеиуа.
Афымцамчтә станциа маҷқәи аихшаратә ҳақәеи реиҭарҿыцра иазоужьуп 970 миллион мааҭ.
Бжьаниа изеиҭарҳәеит, еиԥҟьарада Гагра ӡыла ианеиқәыршәахо
Аинвестпрограмма 2020-2022 аҟны иарбан Гагра араион аҿиараз аԥаразоужьра. Агрба иажәақәа рыла 17 миллион мааҭ азоужьын абаҟәеикәыршара аиҭашьақәыргылара. Аӡеиқәыршәаратә ҳақәа ирзоужьын 65 миллион мааҭ.
Гәдоуҭатәи аӡыканал 300 миллион мааҭ рыхә аусурақәа ирҿуп. Ашықәс ҿыц азы ихыркәшахароуп Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭаҿ аусурақәа.
Аслан Бжьаниа иҳәеит аинвестпроектқәа рынагӡашьа хаҭала хылаԥшра шаиҭало
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахәаша, жьҭаара 22 азы аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма азҵаарақәа рзы.