Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡашьа аус шцо еилкаахеит

2021 шықәсазтәи абиуџьеҭ аҟынтә ақыҭанхамҩа аҿиаразы иазоужьуп 100 миллион мааҭ аԥара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23- Sputnik. Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡашьа аус шцо атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба.
"Апрограмма анагӡаразы иазоужьхоит шәмиллионк аԥара, урҭ рахьтә 10 миллионк азырхоуп ашҳамхимикатқәа раахәара, ақыҭауаа рыцхырааразы хықәкыла иарбоуп 90 миллион. Арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит араионқәа рҟны иҟоу ақыҭанхамҩа аҟәшақәа рҟынтә. Апрограмма аҽалархәра зҭаху дарбанызаалак имоуп уи азы алшара, иаҭаху ашәҟәқәа еиқәыршәаны ақыҭанхамҩа араионтә ҟәшахьы инаргоит, уи ашьҭахь дара аминистррахь иаарышьҭуеит", - иҳәеит Ачба.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа ақыҭанхамҩа аусхк аҟны алшарақәа ртәы
Апрограмма иалкаау ахырхарҭақәа иреиуоуп: арахәааӡара, аԥсаатәааӡара, ашәырааӡара, аԥсыӡааӡара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аусеиҭадулара.
Апрограмма иалахәын 84-ҩык, урҭ рҟынтә ԥшьҩык ҩба-ҩба проект рыдыргалеит, аминистрраҟны урҭ ирықәшаҳаҭхеит. Ачба иажәақәа рыла, иахьазы ирыдыркылаз апроектқәа рхарџь 7 миллионки 738 нызқьмааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аусеиҭадуларазы иарбоу 38 миллион рыдыркылахьеит, арахәааӡаразы иарбаз ахарџь маҷк иахыҳәҳәеит-11 миллион, ԥшьмиллионк арбоуп аԥсаатәааӡара ахырхарҭа- жә-проектк рыдыркылеит, абаҳчақәа рышьаҭыркаразы ирыдыркылеит 40 проект, рынагӡаразы иазоужьуп 25 миллион, миллионк иаԥсоу аԥсыӡааӡаразы проектк рыдыркылеит.
Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы ахықәкытә программа "2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" алахәхаразы анаплакыҩцәа инарышьҭыз азыҳәақәа ҭырҵаауан акомиссиа ҷыда.