"Аԥсны аинвестициақәа ралагаларазы алшара ыҟоуп ззаҳҳәо, - ус иагьыҟоуп азоуп. Ҳара иҳамоу абиуџьет ала, ақыҭанхамҩа ааглыхратә комплекс ашьҭыхра ҳалшаӡом. Сынтәа ҳбиуџьет аҟны иарбоугьы макьана ишьақәыргылаӡам. Иара уи 100 мииллион мааҭ азоужьны иҟаларгьы, иаанагаӡом ақыҭанхамҩа ааглыхратә комплекс иадҳәалоу азҵаарақәа ҳаӡбоит ҳәа. Убри аҟынтә зегь раԥхьа иргыланы ҳзықәгәыӷуа Урыстәылантәи аинвестициақәа роуп. Иҟоуп ақыҭанхамҩа иадҳәалоу Ҭырқәтәылантәи аинвестициақәагьы. Ақыҭанхамҩа аус адызуло, амал алазгало ирыхәаша азинҷыдақәа арбоуп. Атәыла анҭыҵынтә иаауа аинвесторцәа рзы иманшәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит иахәаԥшуа", - иҳәеит Џьапуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бжьаниеи Патрушеви Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаара иалацәажәеит
-
Џьапуа еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәыла рқыҭанхамҩатә усҳәарҭақәа русеицура шыҟоу