АҞӘА, жьҭаара 23- Sputnik. Аԥсны аԥаратә музеи иазку астатиа кьыԥхьуп британиатәи анумизматикатә журнал "Coin News Magazine" аҿы, абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рмаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.
"Аԥсны абанки ари ажурнали аус еицыруеижьҭеи акрааҵуеит. Иркьыԥхьхьан Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара 100-шықәса ахыҵразы Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз аԥсар иазкны астатиа. Уажәы ажурнал ианылеит Аԥсны аԥаратә музеи иазку инарҭбаау астатиа, афотоҭыхымҭақәа агәыларгыланы", - лҳәеит Агрԥҳа.
Британиатәи анумизматикатә журнал аҿы икьыԥхьуп Аԥсны аԥаратә музеи шаарту
© Foto / Национальный банк Республики Абхазия
Лиана Агрԥҳа лажәақәа рыла, анумизматикатә журнал "Coin News Magazine" аԥхьаҩцәа Аԥсны иаҭаарц рабжьыргоит, иара убас Аԥсны аԥаратә музеи онлаин-аекскурсиала иҩнаԥшырц.
Анумизматикатә журнал "Coin News Magazine " ҭыҵуеит 1983 шықәса раахыс, Британиатәи аҭыжьымҭақәа "Token Publishing" иреиҳау рахь иаҵанакуеит. Ажурнал атираж 8000 цыра ыҟоуп.
Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба имш иира аҽны, лаҵара 14 рзы Аԥсны Абанк Аҟәа иаанартит Аԥара амузеи.
Амузеи аҿы ицәыргоуп Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аԥсарқәа. Амузеи аҿы иубар алшоит Византиа, Арабтә халифат, Османтәи аимпериа, Урыстәылатәи аимпериа рԥарақәа. Зынӡа хәышә рҟынӡа експонат ыҟоуп.