Аҵанаа-аԥараӷьычцәа: Аҟәа аԥара Амузеи аҿы аскульптура ҿыц цәырҵуеит

© Sputnik Музей денег в Сухуме
Музей денег в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәа лаҵарамзазы иаадыртыз Аԥсны абанк иатәу Аԥара амузеи аҿы 500 рҟынӡа експонат ыҟоуп.
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik. Аҟәа, Аԥара амузеи аҿаԥхьа аӡыршә ҟалараны иҟоуп ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект автор, асахьаҭыхыҩ, аскульптор Архип Лабахәуа.
Ари атемала автор иакым иҩбам ирҿиамҭақәа. Иара иоуп изҟаҵамҭоу 2013 шықәсазы Аҵәахырҭатә банк аҿаԥхьа идыргылаз "Аҵани аԥараԥҟагеи".
© Foto / предоставил Архип Лабахуа Аҵанаа-аԥараӷьычцәа: Аҟәа аԥара Амузеи аҿы аскульптура ҿыц цәырҵуеит
Фрагмент фонтана Похищение Ацанами монеты - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аҵанаа-аԥараӷьычцәа: Аҟәа аԥара Амузеи аҿы аскульптура ҿыц цәырҵуеит
"Ари  спонсортә проектым, амузеи аҿаҵоуп. Аӡыршә амузеи хԥаҟа метра иацәыхарахоит. Аҵанқәа  акәмаан аҟынтә аԥара шырӷьычуа аныԥшуеит.  Асиужет амузеи аҿы избеит.  Аԥхьа ҩба-хԥа вариант сымазгьы зны амузеи саныныҩнала исҭахыз збеит", - ҳәа иҳәоит Лабахәуа.
Амузеи аекспозициаҿы иара ибеит  аԥараҿырп зҭаз антикатәи акәмаанԥҽыха.
"Адунеи амузеиқәа жәпакы рҿы ус ҟарҵоит, избанзар имаҷӡам акәмаанԥҽыхақәа ԥарала иҭәны ианырбало. Ажәытәан ус акәын аԥара шырҵәахуаз", - ҳәа еиҭеиҳәоит асахьаҭыхыҩ.
Музей денег открыли в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Аԥсны Абанк Аҟәа иаанартит Аԥара амузеи
Аӡыжәырҭа ӡыршә хиоуп уҳәар ауеит. Ақәыргылароуп иаанхаз. Мчыбжьык ҩымчыбжьа рыла  ихыркәшахоит ҳәа иҳәоит аскульптор.
Лаҵара 14 рзы Аҟәа иаадыртит Аԥара амузеи. 2019 шықәса алагамҭазы Аԥсны Амилаҭтә банк Аҟәа аԥара амузеи аргылара иалагеит. Амузеи аҿы ицәыргоуп Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аԥсарқәа. Ара иубар алшоит Аҩадатәи Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыԥсарқәа, ҳлоготип акәзаргьы, ҳера ҟалаанӡатәи V - IV ашәышықәсақәа рызтәи аԥсар аверс ауп. Иара ҭыжьын Колхида иахьаҵанакуаз.
Скульптура Архипа Лабахуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иқәыргылоуп Архип Лабахәуа иусумҭа ҿыц
Иара убасгьы амузеи аҿы иубар алшоит Византиа, Арабтә халифат, Османтәи аимпериа, Урыстәылатәи аимпериа рԥарақәа. Зынӡа хәышә рҟынӡа експонат ыҟоуп.
Архип Зураб-иԥа Лабахәуа - асахьаҭыхыҩ, аскульптор, адизаинер. Лабахәуа - Аҟәа аԥшаҳәаҿы иқәгылоу Фазиль Искандер ифырхацәа Чики  Никеи рыскульптурақәеи, "Апингвин – философи" , "Ҭаҷкәыми аҵани" дравторуп.
Иара убасгьы инапкымҭоуп аскульптура "Аҵани аԥараԥҟагеи".
 
Ажәабжьқәа зегьы
0