Аԥсны

Аексперт Аԥсны амармалташь пты алаҵәара адинамика ахәшьара аиҭеит

2020 шықәсазы мацара Аԥсны амармалташь пты ақәхразы 400 тонна апестицидқәа ныхын.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аԥсны амармалташь птқәа рмаҷхараз хылаԥшра арҭоит, ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аеколог, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ачымазарақәеи аԥхасҭа ҟазҵои рызҵаарақәа рзы аексперт Михаил Қриа.
Иара иажәақәа рыла ахьҭақәа ҟалазар амармалташь пты еиҳа иубарҭахо иалагеит аԥхын аасҭа.
Аҭагылазаашьа ҵыԥх еиԥшуп. Апты ахыԥхьаӡара алаҟәра шамоу убарҭоуп, рԥхьатәи ашықәсқәа ирыҿуырԥшуазар.

Уажәы апты еиҳа ирацәахеит ҳәа иҟоу агәаанагара иашам, усеиԥш зубарҭоу ахьҭақәа рзы рҽахьеизыркуа ауп, ҳәа иҳәоит Қриа.

Апты аҩныҟа иҩнамларц азы ахархәара рыҭалатәуп аферомонтә каҭақәа, иуҭахым ажә-мыжә зҭоу аиашьыкьқәа. Хра аманы ииԥхьаӡоит аексперт апты напыла акра.
Аеколог игәаанагарала апты ықәызгоны иҟоу ахимикатқәа рхархәароуп.
Аԥхаррахь: аеколог еиҭеиҳәеит амармалташьтә птқәа аҩнқәа рыҩналара зыхҟьо
"Ирацәоуп азнеишьақәа. Урҭ зегь ахрархәара ауеит. Аха сынтәа апты иҟанаҵашаз ҟанаҵахьеит. Уажәы ахимиа ахархәара хра алаӡам", - иҳәеит Қриа.
Апты ахыԥхьаӡара аиҵахара зыдҳәалоу анхацәа имҩаԥырго аусқәеи ақыҭанхамҩа ауснагӡатәқәеи роуп, иара убасгьы иԥсабаратәу "аӷа" ахьаиуои роуп, ҳәа иҳәоит аеколог.
Амармалташьтә пты Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыҟны ицәырҵит хәбаҟа шықәса раԥхьа. Ирласнгьы ареспублика иалаҵәеит. Аԥхасҭа анаҭоит аиаҵәара, ашәыр, ауҭраҭых.
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәарцхьиа апты анырҵәаразы аусурақәа ирызкны
2020 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵаз ацхыраарала иаашьҭын 130 миллион инеиҳаны. Арҭ аԥарақәа рыла иаахәан апестицидқәа, излархәшәтәуа аппаратқәа, атехника ҷыда, авиациа ахархәарала ахәшәқәҭәра. Ацхыраара ҟаҵан жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәгьы. Аминистрра абиуџьет аҟынтәгьы 15 миллион мааҭ ныхын.
2020 шықәсазы амармалташь пты анырҵәаразы 400 000 тонна апестицидқәа аахәан.