Аԥхаррахь: аеколог еиҭеиҳәеит амармалташьтә птқәа аҩнқәа рыҩналара зыхҟьо

© Sputnik / Акоп Кущян Мраморный клоп
Мраморный клоп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Анапаҵаҩра
Ахьҭақәа шааҟалаз амармалташьтә птқәа аҩнқәа рыҩнылара иахьалагаз иаргәамҵуеит Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы.
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Амармалташьтә птқәа аҩнқәа рыҩналара зыхҟьо иҟалаз ахьҭақәа роуп иҳәеит Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқаратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"Амармалташьтә птқәа уаанӡеиԥш ирацәам, аха иҟоу иԥхоу аҭыԥқәа ирышьҭоуп, аҩнқәа ирыҩналоит ахьҭа иахҟьаны", - иҳәеит иара.
Аеколог иажәақәа рыла амармалташьтә пты ақәхразы есышықәса аусурақәа мҩаԥыргоит, аха зынӡа рынҵәара уадаҩуп.
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчараз аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Владимир Гериа иҳәеит, Аԥсны амармалташьтә пты ахыԥхьаӡара аиҵахара ишалагаз, уи зыбзоуроу анхацәа активла ари аус иахьадгылоу ауп, дара ианаамҭоу ахәышәтәрақәа мҩаԥыргоит, напыла апты еизыргоит.
Амармалташьтә пты анырҵәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2019
Амармалташьтә пты анырҵәаразы ахәшәқәа ааргеит
"Сынтәа аптқәа рықәхразы мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаԥаҳгеит Гал араион, уаҟа хә-нызқь гектар рҟынӡа арасаҭрақәа ҳхәышәтәит. Анхацәа ирыҭоуп 10 000 тон арасаҵлақәеи, ауҭраҭыхи ирықәтәатәу ахиммаҭәашьарқәееи аныхтәқәеи", - иҳәеит иара.
Гериа иазгәеиҭеит, амарламалташьтә пти америкатәи аԥарԥалыкьи рықәхразы аусурақәа иааԥмырҟьаӡақәа ишымҩаԥырго.
Амармалташьтә пты Аԥсны Амшын еиқәа аҿықә аҿы хыԥхьаӡара рацәала ицәырҵит хәышықәсаҟа раԥхьа. Иара ирласны иҿиеит. Ари ахәаҷа иафоит аҵиаақәа рбыӷь ҿақәа, ашәыр. Еиҳарак аԥырхага рынаҭоит ашәыри аргәыцқәеи, иара убас ауҭраҭыхи арыцтәқәеи.
2020 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭеит ахәаҷа-маҷақәа рҿагыларазы, уи азы 130 миллион мааҭ аԥара аанашьҭит. Ари аԥарала иаахәан апестицидқәа, аҵиаақәа ахәшә рықәҭәагақәа, иҷыдоу атехника, авиациа ацхыраарала ақыҭанхамҩа дгьылқәа аус адуларазы аныхтәқәа. Иара убас жәларбжьаратә аиҿкаарақәагьы атәыла иацхраауан. Ақыҭанхамҩа аминистрра абиуџьет аҟынтәи иныхын 15 миллион мааҭ аԥара ашҳамхимикатқәа раахәаразы.
2020 шықәсазы иааидкыланы амармалташьтә пты ақәхразы иныхын 400 тонн апестицидқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0