"Амаҵақәа рыцынхара": Аҟәа атаксиқәа рпарк азааигәара агәамкаԥсарҭа шыҟалаз

Агәам-сам аизгарҭа ааигәа инхоит ԥшь-ҭаацәарак. Аҟьамсар иахылҵуа афҩы бааԥси агәам еизнаго ахәаҷа-маҷақәеи ауаа ирԥырхагоуп.
Sputnik
Агәам-сам аизгарҭа азҵаара акыр шықәса ҵуеит ӡбашьа амамкәан иҟоишьҭеи. 2018 шықәсанӡа Аҟәа ақалақь Алашарбага аҳабла иахьаҵанакуаз агәам-сам еизгарҭа аҭыԥ азалхын, аха уи иахылҵуаз афҩы бааԥс ааигәа-сигәа инхоз ауаа рыԥсҭазаара иаԥырхаган аҟынтә, рҽеизган иқәгылеит аҟьамсарҭыԥ адыркырц. Анаҩс иазыӡбан аҭыԥ азалхны Гал араион ахь агаразы. Ус шакәугьы, агәам-сам зегьы ишиашоу Галынӡа ицаӡом, иааганы Аҟәа ақалақь уаанӡатәи атаксиқәа рпарк ҳәа иахьашьҭоу икарыжьуеит, нас ауп амашьына дуқәа рыла Галҟа агара ианалаго.