Аԥсны

Аслан Бжьаниеи Дмитри Козаки Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иалацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит жьҭаара 25 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы аганқәа ирылацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа, иара убас 2022-2025 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи афинанстә усеицуреи рызҵаарақәа.
Аслан Бжьаниа иҳәеит аинвестпроектқәа рынагӡашьа хаҭала хылаԥшра шаиҭало
Ахада ипресс-маҵзура иаанацҳаит Аслан Бжьаниа Москва дырԥылараны дыҟоуп Урыстәыла ахада Иусбарҭеи, Урыстәыла аиҳабыреи рхаҭарнакцәа ҳәа.
Аԥсны ахада уаанӡатәи Москваҟа иусутә ныҟәара мҩаԥысуан жьҭаара 8 инаркны 16-нӡа, усҟан Бжьаниа дырԥылеит урыстәылатәи ачынуаа, ирылацәажәан хырхарҭарацәала еиуеиԥшым Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы азҵаарақәа.