Краснодартәи атәылаҿацә Атуризм аминистрра: Ҟәыбина аԥсшьарамшқәа раан аилыхара ыҟам

Краснодартәи атәылаҿацә аԥсшьарҭа ҭыԥқәа асанитартә нормақәеи аҭахрақәеи ирықәныҟәаны русура мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә Атуризм аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны РИА Новости аҳәамҭа ҟанаҵоит Ҟәбан аԥсшьаразы арҭ иусураамҭамкәа ирылаҳәоу арҭ амшқәа раан аилыхара ыҟам ҳәа.
"Аоперативтә гәаҭарақәа рыла жьҭаара 30 инаркны абҵара 7 рҟын әа Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа 46% ыҟоуп. Акурорт хадақәа: Шәача – 75%, Анапа – 65%, Геленџьик – 66% ҿаҵоуп", — рҳәеит аминистрраҿы.
Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥкрақәа дырӷәӷәеит
Аԥсшьарҭаҭыԥ аҩналаразы иумазароуп алаҵазы асертификат, аҵыхәтәантәи афымз рзы ачымазара шухугаз азы аршаҳаҭга.
Арҭ адокументқәа рыҟамзаараан ушычмазаҩым азы ПЦР-тест умазароуп, хатәгәаԥхарала алаҵа шыҟауҵоу азы ақәшаҳаҭра унапы аҵауҩыроуп. Мап анакәха аотель ахь унарышьҭуам.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы жьҭаара 25 инаркны аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рӷәӷәоуп. Иаанкылоуп ауаарацәа злахәу, аспорттә, акультуратә уснагӡатәқәа, жьҭаара 30 инаркны абҵара 7 аҟынӡа ақьафурҭақәа рахь анеира алшоит QR-кодқәа рыла.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсныҟа атуристцәа раара аизырҳара шигәҭаку