https://sputnik-abkhazia.info/20211025/aslan-bzhania-ieit-asnya-aturisttsa-raara-aizyrara-shigaku-1036051834.html
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсныҟа атуристцәа раара аизырҳара шигәҭаку
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсныҟа атуристцәа раара аизырҳара шигәҭаку
Sputnik Аҧсны
2021 шықәсазы Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа. Ари аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа реиҳа еиҳау хыԥхьаӡароуп. Аԥсны Урыстәылатәи атуристцәа еиҳа... 25.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-25T12:23+0300
2021-10-25T12:23+0300
2021-10-25T12:23+0300
аԥсшьара
ауаажәларра
аекономика
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/01/1032952326_0:19:2601:1482_1920x0_80_0_0_332831747aa89a2b945197561e1237ff.jpg
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит ҽааны Аԥсны атуристцәа еиҳагьы ирацәахарц, иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Актәи аканал аинтервиу аҭо."Сынтәатәи ашықәс рекордтәуп. Уи ҳара даара агәахәара ҳнаҭоит. Аԥсны аекономиказы акурорттә усхк аҵак ду амоуп", - иҳәеит иара.Ахада игәаанагарала атуристцәа Аԥсныҟа иаауеит ара еиҳа ахәқәа ахьылаҟәу азы. Уи адагьы Аԥсны аурыс бызшәа ахархәара амоуп, ауаа рысасдкылара еицырдыруеит, аекологиа ԥырхага дук амам.Бжьаниа иазгәеиҭеит 2024 шықәсазы ишазыԥхьагәаҭо Аԥсни Урыстәылатәи ақалақьқәеи рҳауатә еимадара ахацыркра.Бжьаниа игәаанагарала, иааиуа 10-15 шықәса рыҩныҵҟа атуристцәа раара хынтә-хәынтә еиҳахар алшоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211011/Aysharat-reis-aturistt-akharanyaba-Grifon-Aati-abaazakh-ialeit-1033390169.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/01/1032952326_0:0:2311:1733_1920x0_80_0_0_31e83628d30de81aa5ce45845488983e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсшьара, ауаажәларра, аекономика, аԥсны, ажәабжьқәа
аԥсшьара, ауаажәларра, аекономика, аԥсны, ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсныҟа атуристцәа раара аизырҳара шигәҭаку
2021 шықәсазы Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа. Ари аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа реиҳа еиҳау хыԥхьаӡароуп. Аԥсны Урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иалыркаауа аԥсшьарҭатә хырхарҭақәа хәба ирыҵанакуеит.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит ҽааны Аԥсны атуристцәа еиҳагьы ирацәахарц, иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа
Актәи аканал аинтервиу аҭо.
"Сынтәатәи ашықәс рекордтәуп. Уи ҳара даара агәахәара ҳнаҭоит. Аԥсны аекономиказы акурорттә усхк аҵак ду амоуп", - иҳәеит иара.
Ахада игәаанагарала атуристцәа Аԥсныҟа иаауеит ара еиҳа ахәқәа ахьылаҟәу азы. Уи адагьы Аԥсны аурыс бызшәа ахархәара амоуп, ауаа рысасдкылара еицырдыруеит, аекологиа ԥырхага дук амам.
Бжьаниа иазгәеиҭеит 2024 шықәсазы ишазыԥхьагәаҭо Аԥсни Урыстәылатәи ақалақьқәеи рҳауатә еимадара ахацыркра.
Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп амшынтә еимадара аганахь алагьы. Асовет аамҭазы арахь иааиуан акруизтә ӷбақәа, аԥхараныҟәаӷбақәа. Сара сшахәаԥшуала ари еиҭахацырктәуп. Ҳабжьара ацҳақәа хаҳҵалароуп, аԥынгылақәа аԥыхлатәуп.
Бжьаниа игәаанагарала, иааиуа 10-15 шықәса рыҩныҵҟа атуристцәа раара хынтә-хәынтә еиҳахар алшоит.