Урыстәыла COVID-19 аҟынтә алаҵа асертификат аформа шьақәдырӷәӷәеит

Ишьақәырӷәӷәоу асертификат аформазы адҵа амчра аиуоит абҵара 8 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҟынтә алаҵа асертификат аформа шьақәнарӷәӷәеит. Абри азы адҵа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵоит ковиди аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара
Адҵа ҿыц амчра аиуаанӡатәи асертификатқәа абҵара 8 инаркны аҳәынҭмаҵзура апортал аҿы еиҭакны хәажәкыра акынӡа ҳәа иҭагалахоит.
Ассертификат ианыԥшуеит алаҵа ззыҟаҵоу изы адырра хадақәа: ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз, дахьиз, дахьынхо, адокумент анеиҿкаау арыцхә.
Асертификат аҿы иазԥхьагәаҭоуп QR-код аҭыԥ адагьы адокумент аҿы иарбахоит иарбан лаҵоу ауҩы изыҟаҵоу, насгьы иахьизыҟарҵаз. Ара иарбахоит аиҭалаҵаҟаҵара, амедицинатә ԥынгылақәа рзы адырра.
Урыстәыла ауааԥсыра Аԥсны ироуеит алшара COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы
Асертификат аелектронтә ҟазшьа амоуп, урысшәалеи англыз бызшәалеи еиҿкаауп. Алаҵа аныҟаҵоу ашьҭахь х-мзартә мшы ирхымгакәа иҟаҵатәуп.