Урыстәыла ауааԥсыра Аԥсны ироуеит алшара COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы

© Sputnik / Магда Хибелли / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Венесуэле
Вакцинация от коронавируса в Венесуэле - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә ҿкы аҟынтәи "Спутник Лаит" ала алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны.
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Урыстәыла ауааԥсыра реиԥш, Аԥсныҟа иаауа егьырҭ атәылауаагьы ироуеит алшара COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы, урҭ Аԥсны атәылауаҩра рымоу ирымаму иахьмырԥшыкәа, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апрофилактикатә цхыраара аусбарҭа аиҳабы Саида Делԥҳа.
Лара лажәақәа рыла алаҵаҟаҵаразы ухаҭара шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы умазароуп, Аԥсны уахьынхо аҭыԥ зҵазкуа амедусҳәарҭахь унеироуп.
Аҟәа алаҵаҟаҵара ҟалоит ақалақьтәи Синоптәи аполиклиникеи, араионтә хәшәтәырҭақәеи рҿы. Алаҵаҟаҵара хәыдаԥсадоуп.
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵоит ковиди аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара
Асертификат аҭыԥ аҟны иуырҭоит.
Аԥсны ауааԥсыра, аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы змоу, ма урыстәылатәи аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы змоу, алаҵа ҟазҵаз ареспублика асанитар -епидемиологиатә маҵзураҿы Урыстәыла ахархәаразы QR-код роур ҟалоит, лҳәеит Делԥҳа.
Жьҭаара 10 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла акоронавирус аҟынтә "Спутник Лайт" ала алаҵа ҟарҵахьеит 2998-ҩык.
"Спутник Лайт" хәнызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 азы. Аԥаразоужьра ихахьы игеит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
Ажәабжьқәа зегьы
0