Аԥсны

Абанк ахсаалага "АԤРА" аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара аланарҵәоит

Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" АЕ "НСПК" имҩаԥыргеит ахсаалага "Мир" аҟынтә ахсаалага "АԤРА World" ахь аԥараиагараз аԥышәаратә гәаҭара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Аԥсны Абанк ахсаалага "АԤРА" аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара аус аднауылоит, ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк аекономика-зинтә департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Леон Ԥлиа.
Иара еиҭеиҳәеит Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" АЕ "НСПК" имҩаԥыргеит ахсаалага "Мир" аҟынтә ахсаалага "АԤРА World" ахь аԥараиагараз аԥышәаратә гәаҭар ҳәа.
Амаҵзура ҿыц иалнаршоит Урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалага зку аԥарашәаратә система "АԤРА" ахсаалагахь аԥара аиагара. Ари актәи ахәҭа ауп. Аҩбатәи ахәҭала аԥснытәи ахсаалага аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара алыршахоит.
Аԥсны
Урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалага зку АԤРА "World" ахь аԥара аиагара рылшоит
"Аҩбатәи ахәҭа, ари аԥснытәи ахсаалага аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара алыршара ауп имҩаԥнаго. Уи азы аамҭа маҷк аҭаххоит. Иахәҭоуп ашәарҭадаратә ԥкаанҵақәа рмодульқәа раларҵәара. Ԥхьаҟазы хымԥада ахсаалага "АԤРА" зку ироуеит алшара урыстәылатәи абанкқәа рахь аԥараиагаразы". - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥлиа иазгәеиҭеит ахсаалага "Мир" аҟынтә ахсаалага "АԤРА World" ахь аԥараиагаразы амаҵзура аларҵәара апроцесс макьана ишхыркәшам. Уажәазы урыстәылатәи банкқәак рыклиентцәа ари амаҵзура рырҭо иалагахьеит, аусурақәа цоит урҭ рхыԥхьаӡара арҭбааразы.
"Ари амаҵзура онлаин режим ала урыстәылатәи ахсаалагақәа зку ауаа ахсаалага "АПРА World" ахь аԥара ииаргар рылшоит. 2020 шықәсазы Урыстәылантә Аԥсныҟа ииаган 850 миллион мааҭ ахатәхаҿқәа рҟынтәи. Уажәы урҭ ироуеит алшара абанк ахархәарала акәымкәа амобилтә цҵала аԥараиагара. Аԥсуа хсаалага зку иномер арбаны абырсааҭк ала аԥара ииаигар алшоит аԥара аазышьҭуа", - ҳәа иҳәеит иара.
Арҭ аԥараиагарақәа мҩаԥысуеит урыстәыла аҩнуҵҟатәи атарифқәа рыла.
Аԥсуа ԥарашәаратә система АԤРА "World" Ҭырқәтәыла ирыдыркыло иалагеит
Аԥсны ауааԥсыра, "АԤРА" аиԥш "МИР" змоу ари амаҵзура аамҭакала имҩаԥыргалар рылшоит рымаҵ ахьыруа урыстәылатәи абанкқәа рыԥҟаррақәа ирықәныҟәаны.
Уаанӡа Аԥсны Абанк адырра ҟанаҵахьан асистема "АԤРА" аҿы имҩаԥгоу аоперациақәа 2021 ашықәс азы 18,9 миллиард мааҭ дыртәеит ҳәа.
2021 шықәсазы ахсаалага АԤРА "World" аҳәаанырцә мҽхакы ҭбаала ахархәара аиуит: аԥаратә еикәыршара 51 миллион иартәеит, 2020 шықәса абри аамҭазтәи арбага 29 миллион ыҟоуп.
"АԤРА" аԥарашәаратә ҳа – хнызқь терминал ыҟоуп, атауарқәеи амаҵзурақәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәа рҿы.