Аԥсны

Аексперт коронавирус апандемиа Аԥсны адемографиа ишаныԥшуа лҳәеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла 2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны 1000-ҩык ахәыҷқәа иит, ииасыз ашықәс абри аамҭа аасҭа 113 хәыҷ рыла еиҵахеит
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Акоронавирус апандемиа Аԥсны адемографиа анырра анаҭеит адунеи зегьы аҿы аиԥш, ҳәа лҳәоит асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аекономист Амра Цәышԥҳа.
Лара ишылбо ала, ареспубликаҿы адемографиа акаҳара убартә иҟоуп аҵыхәтәантәи ажәашықәса. COVID-19 аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩит. 2010 - 2020 шықәсқәа рзы ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 760-ҩык рыла еиҵахеит – 2156-ҩык рҟынтәи 1388 рҟынӡа.
Арадио
Чамагәуа Аԥсны адемографиа апроблемазы: ҳашцо ҳцар, ҳтәылаҿы аԥсуа даанхом
"Ҳәарада аибашьра аамҭеи акризистә аамҭеи раан аира маҷхоит. Ари зегьы еицырдыруа усуп. Апандемиатә ҭагылазаашьа акәзаргьы глобалтә рыцҳаран ишьоуп. COVID-19 ҟалаанӡа, аҭоурых аҟны ишаҳәо ала, шәышықәса раԥхьа "испанка" аепидемиа ыҟан. Усҟан аира 13% икаҳаит. Уажәгьы акоронавирус аекономикатә кризис ду арҿиеит", - лҳәоит аексперт.
Афинанстә уадаҩрақәеи иҟаларан иҟоу азымдырреи ауаа ахшараиура иацәдыршәоит. Аҭаацәа апандемиа иахҟьаны ироуа ршәара адемографиа анырра анаҭоит.
Цәышԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны абри аҭагылазаашьаҿы адемографиатә уадаҩра шазыԥшу. Уи аамҭала акризис иадҳәалахоит.

Аира амаҷхара амилаҭ акырӡа анырра анаҭоит, уи моу амилаҭ аныӡаарахь икылнагар алшоит. Схемала ауааԥсыра реилазаара уахәаԥшуазар, аҿар рхыԥхьаӡара аасҭа зықәра неихьоу еиҳахоит.

Аекономист иазгәалҭеит инарҭбаау анализ аҿы Аԥсны анҭыҵ ииз ахәыҷқәа шазгәаҭатәу, урҭ атәыла аҩнуҵҟатәи астатистика ишаҵанамкыз.
"Жәашықәса раахыстәи атенденциа ҳахәаԥшуазар, аофициалтә статистика адыррақәа иаҳдырбоит аира акыр ишылаҟәыз. Ибзианы еилаҳкаауеит ауаа рыуадаҩрақәа. Урҭ иахьатәи амшгьы иатәым", - лҳәоит лара.
Атәылаҿ аира аҩаӡара ауаа рыҿиара 65% рылоуп иахьынӡананагӡо. Асеиԥш аан ԥхьаҟатәи абиԥарақәа 1/3 рыла еиҵахалоит.
Цәышԥҳа агәра ганы дыҟоуп ари аҭагылазаашьа рҽеитәны ишыҟоу. Абраҟа хра аманы дахәаԥшуеит апрограмма "2020-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара астратегиа". Апрграмма автор аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Инга Арӡынԥҳа адемографиатә кризис алҵразы ауснагӡатәқәа аус рыдылулеит.
Аԥсны
Аԥсны ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп уажәтәи аамҭа 2020 шықәса иаҿурԥшуазар
Аекономист лгәаанагарала ари азҵаараҿы апроект маҷқәа аамҭакьаҿлоуп хра шроуа. Акраамҭалатәи хра аҟазааразы акомплекстә программақәа аҭахны иҟоуп.
"Адемографиатә политиказ" азакәан акәзар аус адуылоуп, аха ишьақәырӷәӷәам. Цәышԥҳа иазылыԥхьаӡоит азакәан мацара аус ауӡом, азакәанҵаҟатә актқәа, апрограммақәа, апроектқәа аҭахуп ҳәа. Уи адагьы аус адуылатәуп адемографиатә политика аконцепциа - аира азҵаареиԥш арепатриациатәии амиграциатәии аполитика еидызкыло.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла 2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны 1000-ҩык ахәыҷқәа иит, ииасыз ашықәс абри аамҭа аасҭа 113 хәыҷ рыла еиҵахеит.