Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуа Аԥсны адемографиа апроблемазы: ҳашцо ҳцар, ҳтәылаҿы аԥсуа даанхом

Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуа Аԥсны адемографиа аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны иит зықьҩык ахәыҷқәа, 2020 шықәсазы – 1113-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагуа арадио Sputnik аефир аҿы адемографиа аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит.
"Даара иҽеим ахыԥхьаӡарақәа ҳбоит. Аҿкчымазара иаарласны инҵәо акәӡам, уигьы ӷәӷәала ианыԥшуеит. Иԥсуа акырӡа еиҳауп ииуа раасҭа. Ари амамзаара акәӡам изыхҟьо, уахәаԥшуазар, егьырҭ атәылақәа рҿы амамзаара ахьыҳараку ахәыҷқәа рацәаны ииуеит. Ара еидҳәалоу азҵаарақәа рацәоуп. Ари азҵаара иахьа уажәраанӡа ҳшазнеиуа еиԥш ҳазнир, хара имгакәа Аԥсны аԥсшәа зҳәо дҟалаӡом, аԥсуагьы даанхом", - ҳәа иҳәеит Чамагәуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0