АҞӘА, жьҭаара 27– Sputnik. Аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" иақәу афымцақәыӷәӷәара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Иазгәаҭоуп, алашара шдырцәало еиҳа афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара ахьеиҳахаз араионқәа рҟны.
Аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" аҟнытә алашара роуеит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, иара убас Аҟәа ахәҭак.