Наала Гәымԥҳа, Sputnik.
Ажәлар рыԥсы ҭазаауеит, рбызшәа ыҟанаҵ. Абызшәа аиқәырхарагь зылшо ажәлар роуп. Ажәлари абызшәеи рыла ауп аҳәынҭқаррагьы шышьақәгыло. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳбызшәа аиқәырхаразы азҵаара ҵарны иқәгылоуп. Избанзар, изызҳауа абиԥара рыбжьара аԥсуа бызшәа ахархәара маҷуп, иҟоуп зынӡа иззымдыруагьы.
ААУ афилологиатә факультет адекан, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Хагәышь игәаанагарала: аԥсуа бызшәа амш ҳәа ҽнак алкаара аҭахым, уи аҿиара аус арцыхцыхра ауп иаҭаху. "Иахьа ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳаманы ҳаныҟала, аԥсуа бызшәа амш ҳәа амҩаԥгара аҭахым ҳәа исыԥхьаӡоит. Есымша ҳбызшәа иадҳәалазароуп, еснагь ҳбызшәа иазкызар ауп, ҳбызшәала ҳцәажәолазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Абызшәа ауп изныԥшуа ажәлар рхаҿы, рҵас-рқьабз, рыгәҭахәыцра, ркультура. Бызшәада изышьақәгылом иарбан ҳәынҭқарразаалак, уи ада изыҟалом ауаатәыҩса реилибакаара. Аԥсуа бызшәа ижәытәӡатәиу абызшәақәа ируакуп, иарала ицәажәон зқьышықәсала ҳажәлар. Ҳбызшәа адунеи аныхра, шьаҭанкыла ҳақәхра иазықәԥон ҳаԥсадгьыли ҳбызшәеи ҳархызбаауаз еиуеиԥшым аамҭақәа рзыҳәаны атәым милаҭқәа.
Уи ус шакәу арҵабыргуеит, ақыртуа политика Аԥсны имҩаԥнагоз. Ҳбызшәал ҳцәажәартә, ҳхәыцлартә , ҳаҩлартә, ҳаԥхьартә еиԥш азин ҳарҭомызт, иадыркуан аԥсуа школқәа. Аха жәытәнатә аахыс иҳалааӡас аԥсуа гәамчи, агәкамыжьреи ирыбзоураны ауадаҩрақәа зегьы ҳариааины иҳахьчон ҳхатәы бызшәа, ҳкультура, ҳџьынџь.
Ицеит имаҷымкәан аамҭа, урҭ ауадаҩрақәа шьҭахьҟа иаанхеит. Иахьа аӡәгьы азин ҳамихуам ҳбызшәала ацәажәара, аҩра, ахәыцра. Иахьа уи аҩыза алшара шҳамоугьы, ҳбызшәа аҵкьыс атәым бызшәақәа еиҳа азҿлымҳара раҳҭо ҳалагеит. Избан? Ари азы ишьақәырӷәӷәоу аҭак аӡәгьы еилкааны имам. Иахьатәи ҳаамҭазы ахәыҷқәа рхатәы бызшәа алацәажәараз ауадаҩрақәа ыҟоуп. Еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырҵуеит уи аганахьала. Ашколтә программа еиҳа армариара иадгылоу, ажәытә ажәақәа архаизмқәа апрограмма алгара азыҳәаны изныкымкәан азҵаара шьҭыхын. "Иахьа абызшәа армариара амҩа аганахьала ҳдәықәымлар, абызшәа аҵара ҳцәыуадаҩхоит егьырҭ амаҭәарқәа рылагьы. Имариоу аметодика ухы иаумырхәар, иуадаҩхоит ҳара ҳҿы абызшәа дырҵара" -ҳәа игәаанагара иҳәеит Баҭал Хагәышь.
Аԥсуа бызшәа иахьа изҭагылоу аҭагылазаашьа шәарҭоуп ҳәа иахәаԥшуа аҵарауаа ыҟоуп. Ааигәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Асҭанда Аҳәԥҳа арадио "Спутник" аинтервиу аҭо илҳәеит, дара иҭырҵааз астатистика ҳахәаԥшуазар, абызшәа даара ишәарҭоу амҩа ишангылоу атәы. Збызшәа здыруа ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа ишагхо: "Аҭҵаамҭақәа иҟаҳҵахьоу излаҳдырбо ала, ҳбызшәа ашәарҭара иҭагылоуп, уи ус шакәу дырҵабыргуеит ауааԥсыра рыҩнуҵҟа 2011 шықәса раахыс имҩаԥгаз аҭҵааратә усумҭақәа. Аԥсны ахи аҵыхәеи зегьы рыҟны иҟаҳҵаз агәаҭарақәа иаҳдырбеит, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рыҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа хыԥхьаӡарала иазгәаҳҭозар 40 процент роуп збызшәа здыруа, 60 процент рбызшәа рыздырӡом. Иҭаҳҵааит ақыҭақәа раионцыԥхьаӡа. Абызшәа аҩаӡара ишахәҭоу иҟоуп ақыҭакәа рҿы, аха иҟоуп ақалақь иаԥну ақыҭақәа рыҟны еиҳа аурыс бызшәа аԥыжәара аго иахьалагаз", - ҳәа азгәалҭоит лара.
Лара лгәаанаагарала ахәыҷқәа рхатәы бызшәа шьҭыркаарцаз, еихшатәуп, абызшәа здыруеи иззымдыруеи ҳәа. Аха уи азыҳәаны иаҭахуп ахатәы программа, даҭахуп арҵаҩы. "Ирызҳауеит зынӡа абызшәа ззымдыруа абиԥара, урҭ даҽа бызшәак ала ихәыцуа иалагоит. Ҳбызшәа аиқәырхара ҳахьӡароуп, уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам", - ҳәа лҳәоит Асҭанда Аҳәԥҳа.
Абызшәа аҵара аганахьала еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шыҟоугьы, зегьы акоуп уи иацхраауа амҩақәа рыԥшаара, рхархәара иазааԥсоит аҵарауаа, аԥсуа бызшәа арбеира згәы ацԥыҳәо арҵаҩцәа. ААУ аҟны иаартуп аԥсуа бызшәа арҵара иазку акурсқәа. Уи атәы дазааҭгыло, афилологиатә факультет адекан, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак ахантәаҩы Баҭал Хагәышь иҳәоит: "Иахьа ААУ аҩнуҵҟа абызшәа зҵарц зҭаху арепатриантцәа рзыҳәаны иаартны иҳамоуп агәыԥ, ишьақәыргылуп рҵара иацхраауа арҵагатә цхыраагӡа шәҟәы. Аԥсуа бызшәа амаҭәар даԥхьоит Диана Шамԥҳа. Галынтәи иааны аԥсшәа зҵо ыҟоуп аҿар, урҭ Милиа Ҵнариа рҵаҩыс дрымоуп. Мчыбжьык хынтә еиҵамкәан ҩба-ҩба сааҭ азыԥҵәоуп аурок. Аԥсшәа бзиаӡаны изҳарҵаз ҳаушьҭымҭацәа дыруаӡәкуп Гал аусбарҭа абызшәатә политика иахагылаз Акаки Ажәанба. Аԥсуа бызшәа ԥхьаҟа иззымдыруа адырҵаразы иара дазыҟаҵан, ихала аԥсуа бызшәа алекциақәа мҩаԥиго аҟынӡа адырра иҭоуп", - ҳәа иҳәоит иара.
Убас 2017 шықәсазы ААУ афилологиатә факультет аҿы "Аиҭагаратә теориеи акультуратә еимадареи" захьӡу азаанаҭ ҿыц аартын. "Азанааҭ иоунажьуеит ареферентцәа, аредакторцәа, асинхронтә еиҭагаҩцәа, аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рырҵаҩцәа, анаҩс асахьаркыратә еиҭагаҩцәа", - ҳәа иҳәоит Хагәышь.
Аԥсуа бызшәа арҵара иазкны раионцыԥхьаӡа акурсқәа мҩаԥыргон, аха еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иахьала иаанкылоуп уи аус. "Аҳәынҭқарра аганахьала анапаҵаҩра аус ҳазԥшуп, агәыӷра ҳамоуп иахьа-уаҵәы ҳәа имгакәан, иаарласны аҭыԥ иқәҵахап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭуеит Хагәышь.