Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҳәԥҳа аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьеи, уи арҿиаразы амҩақәеи ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Аҳәԥҳа аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьеи, уи арҿиаразы амҩақәеи ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Асҭанда Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, аԥсуа бызшәазы 2011 шықәса раахыс имҩаԥысуа аҭҵаарақәа иаадырԥшуа, насгьы уи апроблема ӡбашьас ишылбо атәы.
Арадио Sputnik асас аиҿцәажәараҿы илҳәеит Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы иахьазы 40% ахәыҷқәа шраку зхатәы бызшәа ибзианы издыруа. Ари аҭагылазаашьа еиҳа-иаҳа еицәамхозар еиӷьхом, ҳәа азгәалҭеит Аҳәԥҳа. Арҵаҩы лажәақәа рыла, ахәыҷқәа рхатәы бызшәа шьҭыркаарцаз, еихшатәуп, абызшәа здыруеи иззымдыруеи ҳәа. Асҭанда Аҳәԥҳа еиҭалҳәеит, анаҩс урҭ агәыԥқәа русура шеиҿкаатәу, ас еиԥш аметод алҵшәа аманы изылыԥхьаӡо.
Ажәабжьқәа зегьы
0