Аԥсны

"Акурорт Пицунда" атуристцәа рҭахрала аҿаҵарақәа раамҭа иацнаҵоит

Аԥсны атуризм аминистрра адыррақәа рыла 2021 шықәсазтәи асезон азы Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки атуристцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28- Sputnik. "Акурорт Пицунда" атуристцәа рҭахрала аҿаҵарақәа раамҭа иацнаҵоит.
Заанаҵтәи аҿаҵарақәа рыҟәша аиҳабы Нонна Оҭырԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит, уаанӡа акурорт аԥсшьаҩцәа аднакылон абҵара 1 аҟынӡа, аха сынтәатәи асезон азы даҽакала иҟалеит аҭагылазаашьа.
"Сынтәа иаҳҭааз рхыԥхьаӡара рекордтәуп, иҳадаҳкылеит 32 000-ҩык, 298 нызқь аиара-ҭыԥ ҳаман. Абҵара 1 аҟынӡа ахәеилыркаага абӷьыц ала аус аауан, аха аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аамҭа иацаҳҵарц ҳаӡбеит. Иаԥаҳҵеит ирыдаҳгалаша асиа ҿыц- ашықәсҿыци, қьырсаныҳәеи апрограмма. Атуроператорцәа азыҳәақәа ҟарҵап ҳәа ҳгәыӷуеит, избанзар ҳара ҳзы ари ҿыцрахоит", - лҳәеит лара.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсныҟа атуристцәа раара аизырҳара шигәҭаку
Оҭырԥҳа илҳәеит арҭ атурқәа аҭаххара шроуа иааиуа амчыбжь азы еилкаахоит.
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Фрида Лазԥҳа илҳәоит аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭаз иҟаз атуристцәа рхыԥхьаӡара ҳазыхынҳәит ҳәа.
"Асовет аамҭазгьы рекордтә хыԥхьаӡараны ишьан миллионки бжаки. Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ахьылаҟәыз азгәаҭаны ариаҟара атуристцәа рыдкылара аинформациатә технологиақәа ирылшароуп", - азгәалҭеит лара.
Аԥсныҟа атуристцәа хьанарԥшит акоронавирусатә ҭагылазаашьа ҳәа азылыԥхьаӡоит Лазԥҳа.
1,5 миллионҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит 2021 шықәсазы
Отырԥҳа ишылҳәо ала, аӡынтәи аамҭазы атурқәа рыхә 10-15% иацлоит, ахарџьқәа иахьрыцло азы – аӡәы изы уахыки-ҽнаки 2300 мааҭ рҟынӡа итәоит. "Акурорт Пицунда" адирекциа аҽазнархиоит аӡынтәи афымцатә ҭагылазаашьа.
"Акомплекс зегь ааҳартӡом, корпуск акәхоит. Алашара арцәара иазҳархиоит. Аобиект анапхгара зегь рыԥхьаӡахьазароуп", - азгәалҭеит Отырҳа.
Асасцәа имаҵзура цҵаны ирыдгалахоит екскурсиатә программақәа, аныҳәатә хәылԥазқәа, абанкетқәа, аԥсуа еишәачара.
Фрида Лазԥҳа илҳәоит идуум аотельқәеи асасааирҭақәеи аӡынтәи аграфик аҽанраалара еиҳа ирзымариоуп ҳәа. Ахарџьцҵақәа аҭаххоит алашареиԥш ӡыла аиқәыршәарагьы.
Аӡынразы акурорттә усхк аусзуҩцәа рыла аиқәыршәара уадаҩхарым, ҳәа илшьоит Лазԥҳа. Ауаа аусура иазыхиоуп, ирыԥхьар – инеиуеит.
Аԥсны атуризм аминистрра адыррақәа рыла 2021 шықәсазтәи асезон азы Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки атуристцәа.