АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит "2022 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵәахырҭатә банк аԥаралагалаҩцәа ркомпенсациатә шәарақәа рзы" ақәҵара.
Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба иажәақәа рыла, 2011 - 2021 шықәсқәа рыҩныҵҟа аԥара алазҵахьаз ирзырхынҳәуп 178 миллион мааҭ. Аԥарақәа рыҭоуп 13 нызқьҩык ауааԥсыра.
2021 шықәсазы апрограмма иазоужьын 2,5 миллион мааҭ, 2022 шықәсазы иазоужьхоит 4 миллион мааҭ.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара уаанӡа ишьақәнаргылеит нанҳәа 14, 1992 шықәса рҟынӡа Аԥсны Аҵәахбанк алагаламҭақәа алазҵаз рԥара зыздырхынҳәуа аҭаҩра иахысыз ауааԥсыра ркатегориа.