Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31338 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 26512 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 454-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы 281-ы акоронавирус рыманы ишьҭоуп, иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп асанԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Уахи-ҽни ҳколлегацәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иҭоуп, убри аан ираҩсны ицо ачарамашьынақәа рыбжьы раҳауеит. Абарҭқәа рышьҭахь ауп ачымазарагьы аҽанышьҭнахуа. Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, ишәарҭоуп. Ауааԥсыра ацхыраара ҳарҭароуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит "Спутник Лайт" алаҵа шаҟаҩы иҟарҵахьо
Аминистр иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа иҭоу рҟынтә аҵәыҵәри зҭаху рацәаҩхо иалагеит. Уахыки-ҽнаки рыла 200 баллон нырхуеит. Арахь аахәара уадаҩхо иалагеит. Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу астанциа аремонт аҭахуп, 580 нызқьмааҭ итәоит.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит ари ахыбра еиҭашьақәмыргылазар ҟалом ҳәа.

Аҳақьымцәа ирылшо зегь ҟарҵоит. Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь ачымазара алаҵәара аиуеит. Аиубилеиқәа, амширақәа, аныҳәақәа ирҟәаҵтәуп. Алаҵаҟаҵареи асанитартә ԥҟарақәа рықәныҟәареи- абарҭ роуп ҳзыхьчар алшо.

Едуард Быҭәба
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр
Аԥыза-министр иҳәеит ачарақәа ахьыруа ахыбрақәа зегь аркуп ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз QR-код змоу аршаҳаҭга рыҭахоит