Sputnik Естониа аус аӡбарҭахь ирхынҳәуп

Аинформациатә портал Sputnik Естониа аркын шықәсык аԥхьа атәыла анапхгара ақәымчрала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аинформациатә портал Sputnik Естониа аганахь ала аполициеи аҳәаахьчареи Рдепартамент аӡбра иашамызт ҳәа азырыԥхьаӡоит Естониа Аҳәынҭқарратә ӡбарҭаҿы.
Аинформациатә портал Sputnik Естониа аркын шықәсык аԥхьа атәыла анапхгара ақәымчрала. Уи аганахь ала аус аӡбарҭахь еиҭархынҳәуп, аполициеи аҳәаахьчареи Рдепартамент аӡбра иашамызт ҳәа азырыԥхьаӡоит Естониа Аҳәынҭқарратә ӡбарҭаҿы.
Естониаз ажәа ахақәиҭра АИХқәа ирыԥсырҭоуп: Черышева Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы
Зыӡбахә ҳәоу аԥараныхразы адыррақәа русбарҭа 2019 шықәсазтәи русура ауп. Уи аамҭазы аилак еихшан Естониа аполициеи аҳәаахьчареи Рдепартамент аҟәша ҳәа, дара Sputnik Естониа аусзуҩцәа зегьы ашәҟәқәа рзынанашьҭит апортали дареи русеицура иаҟәыҵуеит, ма рганахьала ашьаус хацдыркоит "Европатәи асанкциақәа ирықәныҟәом" ҳәа ахәҭаҷ ала.
Абиуро адыррақәа ашәҟәы нарышьҭит Sputnik Естониа ахыбра арендла изымнахыз амаҵзурагьы. "Европатәи асанкциақәа рықәымныҟәара" ахәҭаҷ иарбоуп 2014 шықәса рзы МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев изы аԥкрақәа. Sputnik Естониа МИА "Россия сегодня" иалахәылоуп. Убри аан иара амаҵзура ахаҭа иарбанызаалак санкциатә сиак аҟны иарбам. Ус шакәызгьы Абиуро амаҵзура аус ацызуа ахаҿқәагьы ашьаус иаҵанакуеит ҳәа иршьон.
МИА "Россия сегодня" азҵаара ықәнаргылеит: Ииашоума Абиуро ахымҩаԥгашьа? Аӡбарҭахь инанашьҭыз ашшыԥхьыӡ аҟны ианарбеит Абиуро уи азы азинмч шамам.
Захарова: Sputnik Естониа ажурналистцәа рыкҿацалара ламысдароуп
Таллин ахадаратә ӡбарҭеи, Таллин аокругтә ӡбарҭеи МИА "Россия сегодня" ашшыԥхьыӡ иахамҵгылеит. Уи ашьҭахь ашшыԥхьыӡ нашьҭын Естониа Аҳәынҭқарратә ӡбарҭахь. Уа иазгәарҭеит Абиуро азинмч амамзар аӡбамҭақәагь иашам ҳәа. Аус шьҭахьҟа еиҭархынҳәуп.
АИХ рхақәиҭрақәа рызҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир аханатә дақәшаҳаҭмызт Естониа апозициа. 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Дезир естониатәи амчрақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Sputnik Естониа ақәымчра иаҟәыҵырц. Иҳәеит аредакциа аусура аԥкра иашам ҳәа.
"Ари аинформациа ахы иақәиҭны аиура иаԥырхагахар ҟалоит", - ҳәа иҩуан Дезир Twitter аҿы.
2020 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс Sputnik Естониа асаит аусура ааннакылоуп.
Ари аҿырԥшы иунарбоит Естониа ажәа ахақәиҭра апринципқәа шеиларго, лҳәеит аҭыжьымҭа ашеф-редактор Елена Черышева. 2021 шықәса жәабранмзазы лареи Sputnik Естониа уаанӡатәи аусзуҩцәеи русура иаладыргеит апроект ҿыц - Sputnik Meedia.
Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп