Захарова: Sputnik Естониа ажурналистцәа рыкҿацалара ламысдароуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг официального представителя МИД России Марии Захаровой
Брифинг официального представителя МИД России Марии Захаровой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова абрифинг мҩаԥылгеит акьаҿ ҩеижь лышәҵаны. Уи ала лара иаалырԥшит Sputnik Естониа адгыларазы ихацырку афлешмоб дшалахәу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Мариа Захарова, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак, Sputnik Естониа ажурналистцәа рганахь ала естониатәи аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа шьҭашәарыцараны илшьоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп

"Ҳжурналистцәа кыдырцалеит. Уи ламысдароуп. Sputnik Естониа амацара акәӡам анырра зырҭо, аусуҩцәа зегьы анырра рырҭоит", - лҳәеит Захарова абрифинг аҿы.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова абрифинг мҩаԥылгеит акьаҿ ҩеижь лышәҵаны. Уи ала лара иаалырԥшит Sputnik Эстония адгыларазы ихацырку афлешмоб дшалахәу.

"Шәазхәыци аныҳәамшха амаҵзура аусзуҩцәа ирҭагылазаашьоу. Арахь сара агәрагара сымоуп дара иарбанызаалак закәанк шеиларымгоз", - лҳәоит лара.

Уаанӡа, МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышински фалешмоб хациркит Sputnik Estonia адгылара аҭо. Афлешмоб #СпутникСила символс иамоуп агьыра ҩежь Got You Covered! ("Положись на нас!") анҵаны акьаҿ ҩежьи.

Уи аԥхьагьы Симониан еиҭалҳәахьан Sputnik Естониа аҟны аус зуеи аусура зҭахуи шдыршәо атәы. Лара лажәақәа рыла абри атәылаҿы Sputnik апроблемақәа маҷымкәа иазцәырҵуеит.

Соловиов Sputnik Estonia аҭагылазаашьазы: асеиԥш адемократиатә тәылаҿ иҟамлароуп - Sputnik Аҧсны
Соловиов Sputnik Estonia аҭагылазаашьазы: асеиԥш адемократиатә тәылаҿ иҟамлароуп

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура хацнаркит Естониа 2016 шықәса рзы. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда еиҭарҳәалоит жәларбжьаратәи ажәабжьқәа, аҭагылазаашьақәа.

Ажәабжьтә портал ҿыц Sputnik Естониа амультимедиатә контент аԥхьаҩцәа ирыднагалоит: аинфографика, авидео, афоторепортажқәа, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Урҭ рыдагьы араҟа ицәыргахоит аналитикатә материалқәа, аинтервиуқәа, аексперт хәшьарақәа.

Естониа заҵәык аҿоуп – Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив 35 –ҩык рыла ишьақәгылоуп, 3-ҩык урҭ рҟынтәи Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа 30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0