Естониаз ажәа ахақәиҭра АИХқәа ирыԥсырҭоуп: Черышева Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы

© Sputnik / Доминик Бутен / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧерышева и Вышинский
Черышева и Вышинский - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Естониа анапхгара адемократиа апринципқәа ирызхьаԥшуам урыстәылатәи АИХқәа ирышьҭазаауа лҳәеит Sputnik Естониа анапхгаҩы Елена Черышева Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы.

Естониа анапхгара еиуеиԥшым европатәи аилазаарақәа ирҳәо рыдмырҳаит, Sputnik Естониа аганахь алагьы рхымҩаԥгашьа еиҭарымкит. Абри атәы далацәажәеит Елена Черышева ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ОБСЕ онлаин-еилацәажәараан.

Естониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп - Sputnik Аҧсны
Естониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп

Естониа ажәа ахақәиҭра аилагара шамоу умбарц залшом ҳәа лҳәеит ажурналист. Черышева лажәақәа рыла, естониатәи амчрақәа иаартны Sputnik Естониа аредакциа ақәыӷәӷәара мҩаԥыргоит. 2019 шықәса анҵәамҭазы ареспублика аполициеи аҳәаахьчареи рдепартамент аредакциа аусзуҩцәа зегьы ашәҟәқәа рзынанашьҭит аультиматум ықәыргыло: ажурналистцәа урыстәылатәи амаҵзура аус ацура иаҟәымҵыр, рганахьала "Европатәи асанкциақәа рықәымныҟәара" ахәҭаҷ ала ашьаус шхацыркхо. Ари ахәҭаҷ иарбоуп 2014 шықәса рзы МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев изы аԥкырақәа. Убри аан иара амаҵзура ахаҭа иарбанызаалак санкциатә сиак аҟны иарбам.

Ус шакәугьы арҭ ақәымчрақәа инарымаданы ажьырныҳәа 1, 2020 шықәса инаркны аҭыжьымҭа асаит аус ауеит арежим ҷыда ала, аредакциа аусзуҩцәа ракәзар, Sputnik Естониеи дареи реилаӡара ааныркылар акәхеит.

"Ари аҽакала ахәыцра иаҿагыло ҿырԥштәуп, - лҳәеит Елена Черышева. – Естониа аполициаа роуп зхы иаҭәазшьаз аперсоналтә санкциақәа аҳәынҭқарратә АИХ ахь аиагара".

Елена Черышева иара убасгьы иргәалалыршәеит 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Sputnik Естониа ажурналистцәа рыкәша-мыкәша иҟаз аҭагылазаашьа азхьаԥшра амҭакәа Естониа аԥыза-министр Иури Ратас естониатәи адемократиа адунеи зегьы азы иҿырԥшыгоуп ҳәа шиҳәаз.

"Сара ишеилыскаауа ала аполициа рганахьала ажурналистцәа рықәымчра демократиоуп ҳәа иԥхьаӡоит аԥыза-министр. Иргәамԥхо АИХ рганахьала арепрессиақәа ракәзар, дара рзы – ажәа иахақәиҭроуп", - лҳәеит Черышева лажәахә аҿы.

АИХ рхақәиҭрақәа рызҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир аханатә дақәшаҳаҭмызт Естониа апозициа. 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Дезир естониатәи амчрақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Sputnik Естониа ақәымчра иаҟәыҵырц. Иҳәеит аредакциа аусура аԥкра иашам ҳәа.

Москва Sputnik Естониа иадгыланы ақәгылара мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Москва Sputnik Естониа иадгыланы ақәгылара мҩаԥыргеит

"Ари аинформациа ахы иақәиҭны аиура иаԥырхагахар ҟалоит", - ҳәа иҩуан Дезир Twitter аҿы.

"Шәажәақәа ахьдыдмырҳаз угәы унархьуеит", - ҳәа Арлем Дезир иахь лхы нарханы илҳәеит Елена Черышева.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ОБСЕ аилацәажәара (HDIM) – Европа иналукааша есышықәсатә конференциоуп. Иара иалахәуп ОБСЕ атәылақәа 57 реиԥш жәларбжьаратәии ауаажәларратәии еиҿкаарақәа рлахәылацәа. Аконференциа аспикерцәа алацәажәоит АИХ рхақәиҭрақәа, адунеи аҿы ажурналистцәа ршәарҭадареи адемократиеи рызҵаарақәа.

Сынтәа аилацәажәара мҩаԥысуан Албаниа ахантәаҩрала онлаин-формат аманы акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0