Аԥсны

Аԥсны ААР анаркотикқәа аҵәахырҭа ҭыԥқәа рҿы ишьҭазҵоз иус аӡбарҭахь инанашьҭит

Аамҭала Аԥсны иҟоу, Шәача ақалақь аҟны инхо Павел Кротов Аԥсны ААР анаркотикатә еикәыршарақәа рхылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит цәыббрамзазы. Идырбалеит аххыра-шкәакәа згәылаԥсаз аиларҳәқәа. Аекспертиза ишьақәнаргылеит уи 90,5 грамм иҟоу аметадон шакәу.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Павел Кротов иганахьала аусҭҵаара хнаркәшеит Аԥсны ААР аусҭҵааратә Усбарҭа, аус аӡбамҭа адкыларазы аӡбарҭахь инашьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Кротов иганахьала ашьаус хацыркуп анаркотикатә маҭәашьарқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, аҭиразы рымҩангаразы.
ААР адыррала Кротов аметадон ааихәеит амессенџьер Telegram акоординатқәа ихы иархәан, ишьақәыргылам ахаҿы, "Дима-Сочи" ҳәа хьыӡшьарас изҭаз диҿцәажәаны. Дара анаркотикқәа Аԥсны аҵакыраҿы рыҭира гәҭакыс ирыман.
Аҟәа, цәыббра 1 азы аихамҩатә вокзал ааигәара аҵәахырҭа ҷыдаҟны анаркотикқәа иԥшааит, анаҩс Гаграҟа инеигеит. Урҭ уа рыҭира игәы иҭан.
Цәыббра 3 рзы иара "Дима-Сочи" игеолокациа акоординатқәа ихы иархәаны авокзал иацәыхарамкәа аметадон иарбаз аҭыԥ аҟынтә иҵигеит. Иара убри амш азы Аҟәа дааныркылеит. Кротов идбалаз анаркотикатә маҭәашьар 90,614 грамм иҟан.
Аԥсны ААР анаркотикқәа аҭыԥ ҷыдақәа рҿы ишьҭазҵоз ауаҩы дааныркылеит
Цәыббра 4 азы аусбарҭа аусзуҩцәа Кротов идирбеит Гагра, Арӡынба имҩаҿы амфетамин ахьыҵәахыз. Иара акапан 73,456 грамм иҟан.
Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Кротов уаанӡа изныкымкәа Аԥсныҟа дшаахьаз, Урыстәылагьы анаркотикқәа шалаирҵәоз.
Кротов еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 25, 2021 шықәсазы Telegram ала аинтернет-дәқьан "Скат" ахаҭарнак иҟынтә ажәадгала шиоуз анаркотикқәа рыларҵәаразы. Ҵәахырҭак азы 450 мааҭ азыршәон.
Анаҩс иара акуратор "Дима-Сочи" аус ициуан, акриптовалиута изыршәон.
Мызкаҟара Адлертәи араион аҿы аус иуан, нас Аԥсныҟа дааит. Ара ҵәахырҭак азы 1000 мааҭ изыршәон.
Аӷьычрақәеи анаркотикқәеи: Аԥсны ААР аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит
Кротов ихараҵаз дақәшаҳаҭхеит. Аԥсны АЗ инақәыршәаны ихара арԥсыҽуеит зықәра маҷу ахәыҷы дахьимоу.
Зхаҭара шьақәыргылам ахаҿқәа рганахьала ашьаус хазы имҩаԥгахалоит.